Шәачатәи аҳаирбаӷәаза ашықәс ҳҭалазар 4,7 миллионҩык апассаџьырцәа рымаҵ ауит

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШәачатәи аҳаирбаӷәаза
Шәачатәи аҳаирбаӷәаза - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиҳарак ауаа рацәа азгәаҭан амаршрутқәа Москва, Санкт-Петербург, Екатеринбург, Казань, Новосибирск, Сҭампыл, Ереван, Тель-Авив, Ташкент, Минск.

АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза "Шәача" 2019 шықәса ажьырныҳәа инаркны цәыббранӡа 4 миллионки 754 нызқьи 163-ҩык апассаџьырцәа рымаҵ ауит ҳәа аҳәоит абаӷәаза асаит аҿы.

Ииасыз ашықәс иадкыланы ари 7% рыла еиҳауп.

"Аҩнуҵҟатә хырхарҭақәа рҟны авиакомпаниақәа рмаҵзурақәа рхы иадырхәеит 4 миллионки 500 нызқьҩыки аныҟәаҩцәа (+7%), жәларбжьаратәиқәа рҿы – 234 нызқьҩык (+16%). Аҳаирпланқәа ԥрит 17 нызқьи 806-нтә (+7%), 2018 шықәса ажьырныҳәа - нанҳәа ирыбжьанакыз аамҭа иаҿурԥшуазар.

Нанҳәа 13, 2019 шықәса рзы уахыки ҽнаки рыла Шәачатәи аҳаиртә баӷәаза амаҵзурақәа рхы иадырхәеит 33 909–ҩык ауааԥсыра. Уи ари ашықәс азы иреиҳаӡоу хыԥхьаӡарахеит.

Иаку абилеҭ - Sputnik Аҧсны
"Иаку абилеҭ" рхы иадырхәеит 500-ҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа

Аидарамҩангара амҽхак иартәеит 2 нызқьи 200 тонна (+6%).

Росстат аинформациала, 2019 шықәса аԥхьатәи ашықәсбжазы турист ҳасабла Урыстәыла иалҵит 19 миллиони 891 нызқьҩык. Абарҭ ахырхарҭақәа рҿы Ҭырқәтәыла аԥыжәара ааннакылеит. Аԥсныҟа Урыстәыла адгьылҵакыраҟынтә иҭалеит миллионки 852 нызқьҩык урыстәылаа.

Урыстәылатәи заанаҵтәи анхараҭа аҿаҵара Tvil.ru Гагра ареспубликаҿы зегь раасҭа ауаа зҭаауа курортуп ҳәа ахырҳәааит, аха аҭыԥантәи асасааирҭатә консалтинг MaltsevaPro аҿы изларҳәаз ала, 2019 шықәсазы реиҳа изҭаауа курортуп Пицунда.

Сынтәатәи ашықәсбжазы "Иаку абилеҭ" рхы иадырхәеит хәышәҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа.

Сынтәа иара убасгьы аиҳабыра рыҩаӡарала иалацәажәан Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аартра азҵаара. Иазыԥхьагәаҭоуп абаӷәаза аартра ашьҭахь уахыки ҽнаки рыла 3-5 нызқьҩык апассаџьырцәа рымаҵ ауа иҟалап ҳәа.

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара ргәы иҭоуп аинвесторцәа, аҳәынҭқарра аламырхәӡакәа. Аинвесторцәа излазгәарҭо ала, уи аиҭашьақәыргылара иадхалоит ҩышықәса рҟынӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0