Асериал "Чернобыль" аԥхьахәқәа хԥа анаршьеит

© Foto / HBO (2019)ателесериал "Чернобыль" аҟынтәи акадр
ателесериал Чернобыль аҟынтәи акадр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ателеканал НВО аҿы ицоз ателесериал "Чернобыль" 1986 шықәса рзы Чернобыльтәи АЕС аҟны иҟалаз арыцҳара аҭоурых еиҭанаҳәоит.

АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Асериал маҷ "Чернобыль" аԥхьахәқәа "Эмми" хԥа анашьахеит. "Иреиӷьу асериал-маҷ" аноминациаҿы "Абахҭа Дандемор аҟынтәи абналареи" "Амаҭәар ҵарқәеи" ириааит.

Иреиӷьу асценари азы аԥхьахә иоуит "Чернобыль" асценари автор Креиг Меизин, арежиссураз - арежиссер Иохан Ренк. Креиг Меизин илоуз астатуетка Чернобыльтәи арыцҳараан иҭахаз зегьы иранашьоуп лҳәеит.

ЕАА ателеакадемиа 71-тәи ацеремониа ателеканал Fox ала идырбан (Лос-Анджелес).

Иреиӷьу адраматә сериал ҳәа иалыркааит "Игра престолов". Аԥҳәыс лрольқәа иреиӷьу ҳәа аԥхьахә лоуит Џьоди Комер (асериал "Убивая Еву"). Иреиӷьу ахаҵа ироль азы аԥхьахә иоуит Билли Портер ("Поза"). Иреиӷьу комедиатә сериалны ишьоуп "Дрянь". Акатегориа "Иреиӷьу ателефильм" – "Черное зеркало: Брандашмыг".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0