Иԥсҭазаара далҵит ашәаҳәаҩ Карел Готт

© Sputnik / Руслан Кривобок / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИԥсҭазаара далҵит ашәаҳәаҩ Карел Готт
Иԥсҭазаара далҵит ашәаҳәаҩ Карел Готт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа ачех шәаҳәаҩы Карел Готт "ачех ҟармаҵыс" ҳәа хьӡыс иман. Иара ибзианы деицырдыруан аҳәаанырцәгьы.

АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Карел Готт иԥсҭазаара далҵит 80 шықәса дшырҭагылаз, Прага ақалақь аҿы ҳәа аанацҳауеит Sputnik Чехия.

"Карел Готт иԥсҭазаара далҵит аҩашаҽны, иҩны, иҭаацәа рыгәҭа", - ҳәа аанацҳауеит ашәаҳәаҩ ипресс-маӡаныҟәгаҩ Анета Штольцова лдырраҭараҿы.

2015 шықәса рзы ашәаҳәаҩ акьыбачымазара идырбалеит. Иҽыхәышәтәны аестрадахь ахынҳәра изныкымкәа иҽазишәахьан. Сынтәа, ԥхынгәымзазы Готт иазгәеиҭеит 80 шықәса ихыҵра, аха иҭагылазаашьа иахҟьаны иконцерт ахган.

Карел Готт диит ԥхынгәы 14, 1939 шықәса рзы, Пльзен ақалақь аҿы. Чехиа иара деицырдыруан шәаҳәаҩык иаҳасаб ала адагьы актиорк, сахьаҭыхҩык иакәны. Готт 293 рҟынӡа альбом ҭижьхьан аитәылаҟнеиԥш аҳәаанырцәгьы. 120 инареиҳаны аԥхьахәқәа ианашьан. Иальбомқәа 8 "ахьтәы пластинка" ҳәа астатус роухьан, акы - "абырлаштә пластинка" ҳәа. Ирепертуар иалан 978 ашәа.

Асовет Еидгыла аныҟаз Готт бзиа еицырбоз шәаҳәаҩын. Иконцертқәа мҩаԥысхьан атәыла ақалақьқәа жәпакы рҿы. Убри аан дахьықәгылозаалакгьы азалқәа унацәа узрыламҵо уаала иҭәуан.

Зегьы еицырдыруеит акинофильм "Ҷышәшәына лзы х-расацк" аҟны Готт инеигӡоз ашәа. Германиа акәзар, ашколтә программа хымԥада иалахәуп амультфильм "Ашьхыц Маиа" аҟны немец бызшәала инеигӡоз ашәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0