Facebook апроект Арктик.ру аусура аԥкыра ахнахит

CC0 / / Facebook
Facebook  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа алагамҭазы Facebook апроект Арктик.ру англыз бызшәала аверсиа аусура ԥнакит, уи азы еилыркаарак ҟамҵакәан.

АҞӘА, жьҭаара 24 - Sputnik. Facebook асаит Arctic.ru адаҟьа аусура хацнаркит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости МИА "Россия сегодня" апресс-маҵзура адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Facebook Arctic.ru. англыз бызшәалатәи аверсиа аусура хацнаркит. Иарбанызаалакгьы хҳәаак ҟанамҵеит " ҳәа рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Амедиагәыԥ аҳәынҭқарратә интернет-проектқәа рдирекциа адиректор Елена Давыдова уаанӡа адырра ҟалҵахьан адаҟьаҿ аматериал ақәыргыларазы апроблемақәа цәырҵит ииасыз амза алагамҭазы, жьҭаара 14 рзы адаҟьа зынӡа иӡит ҳәа. Аԥкра зыхҟьазеи ҳәа азҵаара аҭак ҳәа аинтернет ресурс акгьы ҟанамҵеит.

Ари уаанӡагьы иҟалахьаз усуп. Жьҭаарамзазы Sputnik ажурналистцәа раккаунтқәа адыркхьан. Уи ашьҭахь апроект RT адаҟьақәа адыркит, уажәы - МИА "Россия сегодня" арктикатәи апроект адыркит.

Arctic.ru – МИА "Россия сегодня" иҷыдоу апроектқәа иреиуоуп. 2015 шықәса рзы ихацдыркит. Arctic.ru аԥсабаратә ресурсқәа рпроблемақәа ирылацәажәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0