Кирилл Вышински адокументалтә сериал "Люди Донбасса" ҭихит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКирилл Вышински
Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект афырхацәа - хәышықәса раахыс аибашьра ахьцо Донбасс иқәынхо ауааԥсыра роуп, иара убас Донбасс апроблемақәа зыпроблемру аполитологцәа, ажурналистцәа, аволонтиорцәа.

АҞӘА, жьҭаара 30 – Sputnik. "Люди Донбасса" – абас ахьӡуп адокументалтә сериал – МИА "Россия сегодня" анагӡаратә директор, апортал РИА Новости Украина уаанӡатәи ахада Кирилл Вышински иусумҭа. Апроект афырхацәа - хәышықәса раахыс аибашьра ахьцо Донбасс иқәынхо ауааԥсыра роуп, иара убас Донбасс апроблемақәа зыпроблемру аполитологцәа, ажурналистцәа, аволонтиорцәа. Асериал аԥхьа идырбан YouTube-канал ria.ru аҿы. Иара убасгьы абара алшоит асаит ria.ru ( https://ria.ru/lyudi-donbassa/) аҿы.

"Иахьа Донбасс аграждантә еибашьра цоит. Аӡбахә есыҽны иалацәажәоит. Абар уажәшьҭа хәышықәса ирықәуп аибашьра цоижьҭеи. Сара исҭаххеит абри аамҭа иалагӡаны ара инхо ауаа срылацәажәарц", - ҳәа иҳәоит Вышински.

Афильм 8-сериак рыла ишьақәгылоуп. Асериақәа есыҽны YouTube аҟны ицәырҵлоит.

Кирилл дзыҿцәажәо х-гәыԥкны еихишоит. Апроект актәи асериа афырхацәа дреиуоуп Донецктәи амилаҭтә университет аректор Светлана Беспалова. Автор дрыҿцәажәоит иара убасгьы Горловка ақалақь ахада Иван Приходько, Гусак ихьӡ зху аиҭашьақәыргыларатә хирургиа донецктәи Аинститут анапхгаҩы Емиль Фисталь, ателемҩаԥгаҩ, Шахтиорск инхо Дмитри Куликов.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵон. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Кирилл Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Убри аан Украина атәылауаҩра мап ацәикуан.

Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Вышински ихы дақәиҭтәын 2019 шықәса нанҳәа 28 рзы. Цәыббра 7 рзы Урыстәылаҟа дхынҳәит. Жьҭаара 21 рзы Владимир Путин иусԥҟала Урыстәылатәи Афедерациа ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Ахеилак алахәылас дҟаҵоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0