Иԥсҭазаара далҵит алитературатә критик Лев Аннински

© Sputnik / Dmitry Rozhkov Умер литературный критик Лев Аннинский
Умер литературный критик Лев Аннинский - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, ашәҟәыҩҩы, апублицист Лев Аннински 86-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Асовет литературатә критик Лев Аннински иԥсҭазаара дшалҵыз Facebook ихатә даҟьаҿы иҩит апублицист Николаи Подосокорски.

Акритик иԥсҭазаара дшалҵыз атәы иҳәеит ателемҩаԥгаҩы Александр Архангельскигьы.

"Аԥхьаҩцәа ибзианы еицырдыруаз акритикцәа дреиуан. Ииҳәоз иашан, ишиҩуазгьы иашан", - азгәеиҭеит Архангельски Facebook аҿы.

Лев Аннински диит мшаԥы 7 1934 шықәса рзы Ростов-на-Дону ақалақь аҿы. МГУ афилологиатә факультет доушьҭымҭан. 50-тәии 60-тәии ашықәсқәа рзы аус иуан ажурналқәа "Советский Союз", "Литературная газета", "Знамя" рҿы.

1972 - 1993 шықәсқәа раан ажурнал "Дружба народов", "Литературное обозрение", "Родина" рҟны аус иуан. Аамҭақәак раан ажурнал "Время и мы" редакторс даман.

Аннински ателедырраҭарақәа "Серебро и чернь", "Медные трубы", "Охота на льва", "Я жил. Я звался Геркулес" иавторс дрыман.

Ажәабжьқәа зегьы
0