Урыстәылатәи атуристцәа Доминикана амҩатә машәыр иақәшәеит

CC BY 2.0 / Raymond Wambsgans / Ацхыраара ласы амашьына
Ацхыраара ласы амашьына - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Автобус 39-ҩык ауаа ҭан. Амҩатә машәыр иақәшәаз атуристцәа руаӡәк лыҩнапык хырҵәар акәхеит ахәышәтәырҭаҿы.

АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik. Урыстәылатәи атуристцәа аҳаиртә баӷәазахь амҩа ианықәыз изҭаз автобус аидарамҩангага иасит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

39-ҩык рҟынтәи хҩык хәыҷқәан. Ԥсыҭбара ҟамлеит, аха иҟоуп зҭагылазаашьа хьанҭоу.

Ааха зауз ареспублика аҳҭнықалақь Санто-Доминго ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп.

Уажәазы 27-ҩык Доминикана ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп. Аҳақьымцәа ражәақәа рыла, ҩажәаҩык рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам, егьырҭ рҭагылазаашьа уашәшәыроуп.

2019 шықәса ԥхынгәымзазы урыстәылатәи атуристцәа злахәыз авариақәа ҩба ҟалеит Аԥсны.

Ԥхынгәы 12 рзы Гагра автомашьына Honda Fit атуристтә микроавтобус Volkswagen Caravelle ианҟьеит. Сыктывкартәи атуристка аҭыԥ аҿы лыԥсҭазаара далҵит.

Ԥхынгәы 8 рзы амаршруттә микроавтобус Volkswagen Пицунда ааигәара амашьына лас иаахеит. 15-ҩык апассаџьырцәа рҟынтәи жәҩык ахәышәтәырҭахь инаган.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0