Москва уаанӡатәи ахада Иури Лужков иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасра Юрий Лужков
 Юрий Лужков - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
83 шықәса ирҭагылаз Москва уаанӡатәи ахада Иури Лужков иԥсҭазаара далҵит Миунхен ақалақь аҿы ҳәа аарыцҳауеит АИХқәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. 83 шықәса ирҭагылаз Москва уаанӡатәи ахада Иури Лужков иԥсҭазаара дшалҵыз атәы аанацҳаит РИА Новости

Лужков Москва ахадас дыҟан 18 шықәса инарзынаԥшуа. 2010 шықәса рзы иусура дамхын.

Иури Михаил-иԥа Лужков диит цәыббра 21, 1936 шықәса рзы Москва. 1958 шықәса рзы  Москватәи анефтехимиеи агази рааглыхраз аинститут далгеит анџьныр-механик изанааҭ иманы. 1974 шықәса инаркны аус иуан ахимиатә ааглыхра аминистрраҿы.

1987 шықәса рзы Мосгорисполком ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟалеит. 1992 шықәса рзы Москва ахадас далырхуеит.

Москва ахадак иҳасаб ала Лужков усутә визитла Аԥсны даҭаахьан 2006, 2008, 2009 шықәсқәа раан. 2007 шықәса рзы Лужков Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵарц абжьгара ҟаиҵахьан. Абри аҩыза ажәадгала ҟаиҵеит аконференциа "Россия и Абхазия: навстречу единому экономическому пространству" анымҩаԥысуаз.

2017 шықәса рзы Қырҭтәыла Лужков "асиа еиқәаҵәа" данҵаны атәыла иалалара азин имырхит уаанӡа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи дахьырҭаахьаз азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0