Соловиов Sputnik Estonia аҭагылазаашьазы: асеиԥш адемократиатә тәылаҿ иҟамлароуп

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСоловиов Sputnik Estonia аҭагылазаашьазы: асеиԥш адемократиатә тәылаҿ иҟамлароуп
Соловиов Sputnik Estonia аҭагылазаашьазы: асеиԥш адемократиатә тәылаҿ иҟамлароуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Естониа азинмчратә структурақәа Sputnik Естониа аҟны аус зуа Естониа иатәылауаау ажурналистцәа русуразы иқәцаланы ирымоуп. Естониа официалла имақаруеит Sputnik Естониа ажурналистцәа шҭаркуа азы, урҭ 2020 шықәса ажьырныҳәа 1-нӡа русура аанырмыжьыр, ашьаус шхацдыркуазы.

Sputnik, Лев Рыжков

Естониатәи амчрақәа рхымҩаԥгашьа хаԥышәароуп. Асеиԥш ахымҩаԥгашьа адемократиатә тәылаҿ аҭыԥ амамзароуп. Иара ажәа ахақәиҭреи адемократиеи рзы европаа ирымоу агәаанагара зынӡаскгьы иақәшәаӡом ҳәа иԥхьаӡоит еицырдыруа ателемҩаԥгаҩы Владимир Соловиов.

"Агәра сызгом XXI ашәышықәсазы Европатәи Ахеилак иалахәылоу атәыла, адемократиа пату ақәаҳҵоит ҳәа иахьцәажәо аҟны ажурналистцәа "ма шәусура шәаԥырҵ, ма абахҭахь шәца" ҳәа рарҳәоит ҳәа", - иҳәоит Соловиов.

Ажурналистцәа ркыдцалара зыхҟьо рыпрофессионалтә уалԥшьа ахьымҩаԥырго ауп иҳәоит Соловиов.

Уаанӡа МИА "Россия сегодня", ателеканал RT рдиректор хада Маргарита Симониан Естониа ахада Керсти Калиулаид лахь ааԥхьара ҟалҵеит Sputnik Естониа ажурналистцәа рызҵаара иӡбарц.

"Ҳаҭыр зқәу Керсти Калиулаид. Сара исыздырам шәлымҳаҟынӡа инаӡахьоу инамӡахьоу Естониа азинмчратә структурақәа Sputnik Естониа ажурналистцәа, Естониа иатәылауаау русуразы иқәцаланы ишрымоу. Естониа официалла имақаруеит Sputnik Естониа ажурналистцәа шҭаркуазы, урҭ Ашықәс ҿыц, 2020 ажьырныҳәа 1 аҟынӡа русура аанырмыжьыр, ашьаус шхацдыркуазы" ҳәа лыҩуеит Симониан Telegram-канале аҿы естон бызшәалеи урыс бызшәалеи.

Симониан Sputnik Естониа ашьҭазааразы: ОБСЕ, ЕСПЧ еимпааит - Sputnik Аҧсны
Симониан Sputnik Естониа ашьҭазааразы: ОБСЕ, ЕСПЧ еимпааит

Уи аԥхьа Симониан еиҭалҳәахьан Sputnik Естониа аҟны аус зуеи аусура зҭахуи шдыршәо атәы. Лара лажәақәа рыла, абри атәылаҿы Sputnik апроблемақәа маҷымкәа иазцәырҵуеит.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik аусура хацнаркит Естониа 2016 шықәса рзы. Зҟазара ҳараку ажурналистцәеи аредакторцәеи ркоманда еиҭарҳәалоит жәларбжьаратәи ажәабжьқәа, аҭагылазаашьақәа.

Ажәабжьтә портал ҿыц Sputnik Естониа амультимедиатә контент аԥхьаҩцәа ирыднагалоит: аинфографика, авидео, афоторепортажқәа, онлаин-ефирқәа, аинтернет-бжьыҭира. Урҭ рыдагьы араҟа ицәыргахоит аналитикатә материалқәа, аинтервиуқәа, аексперт хәшьарақәа.

Естониа заҵәык аҿоуп – Балтиа атәылақәа рҟны аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik рредакциеи рофиси аус ахьауа. Аколлектив 35 –ҩык рыла ишьақәгылоуп, 3-ҩык урҭ рҟынтәи Естониа иатәылауаауп. Естониа абиуџьет ахь ицо есымзатәи амаҵзура ашәахтәқәа 30 000 евро ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0