Алаинер Diamond Princess аҿы урыстәылаа даҽа ҩыџьа акоронавирус рыдырбалеит

© REUTERS / Kim Kyung-HoonАлаинер Diamond Princess аҿы урыстәылаа даҽа ҩыџьа акоронавирус рыдырбалеит
Алаинер Diamond Princess аҿы урыстәылаа даҽа ҩыџьа акоронавирус рыдырбалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи аҟны Китаи аламҵакәа егьырҭ атәылақәа рҿы акоронавирус рыдырбалахьеит 1149–ҩык. Diamond Princess захьӡу алаинер аҟынгьы ари ачымазарахкы зыхьыз ауаа ыҟоуп.

АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Китаи акоронавирус COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара 74,5 нызқьҩык ыҟоуп. Адунеи аҟны Китаи аламҵакәа егьырҭ атәылақәа рҿы коронавирус рыдырбалахьеит 1149–ҩык ҳәа аҩуеит South China Morning Post.

Борьба с коронавирусом - Sputnik Аҧсны
ВОЗ коронавирус зызшәарҭоу агәыԥқәа алыркааит

Иахьа ашьыжь иапониатәи аҳақьымцәа акоронавирус рыдырбалеит акруизтә лаинер Diamond Princess аҟынтәи ҩыџьа урыстәылаа.

"Арҭ аҩыџьа ахәышәтәырҭахь инаргоит. Уа иахәҭоу ацхыраара роуеит. Дара рхы цәгьамкәа ирбоит. Ачымазара ӷәӷәаны ирылаҽым", - ҳәа азгәарҭеит Токио иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы.

Diamond Princess иара убасгьы адырра ҟанаҵеит 80 шықәса зхыҵуаз хаҵаки ԥҳәыски акоронавирус иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит ҳәа.

Аӷбаҿы 3700 пассаџьыр ыҟан, урҭ рҟынтәи 24-ҩык урыстәылаа роуп.

Китаи анапхгара ԥхынҷкәын 31, 2019 шықәса рзы ирыланаҳәеит ақалақь Ухань (апровинциа Хубеи) аҿы идырым ачымазараҿкы ахы шцәырнагаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0