SputnikPro авебинар: Аҽышԥеиҭанакуеи адунеи апандемиа ашьҭахь?

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМероприятия в рамках деловой программы ПМЭФ 2017
Мероприятия в рамках деловой программы ПМЭФ 2017 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik онлаин-сессиақәа мҩаԥнагоит арккаратә программа SputnikPro аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Рашәара 26 асааҭ 11:00 рзы имҩаԥгахоит авебинар абри атемала "Адунеи апандемиа ашьҭахь: аудиториа ирҭахузеи ирдырырц". Еицырдыруа жәларбжьаратә еизыҟазаашьақәеи адәныҟаполитикеи рзы аексперт Фиодор Лукианов рҭак ҟаиҵоит азҵаарақәа: аглобализациа акәу "аибашьра хьшәашәа" акәу иҟало, ишԥеиҿкаахо апандемиа ашьҭахь жәларбжьаратәи аполитика.

Адунеи аҿы апосткарантин аамҭазы аглобалтә ҿиара атрендқәас иҟалозеи? Аҳәынҭқарра ахахьы иазгома жәларбжьаратә политика ашьаҭақәа? Апандемиа адеглобализациа апроцесс иахыҵхырҭахома? "Аибашьра хьшәашәа" иазыԥштәума? Авебинар абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟанаҵоит.

Спутник лого - Sputnik Аҧсны
SputnikPro авебинар: уажәабжь ацитата алырхырц азы иҟаҵатәуи

Фиодор Лукианов жәларбжьаратәи ажурналистс аус иуан 1990 - 2002 шықәсқәа рзы, аус иуан убасгьы еиуеиԥшым агазеҭқәа, арадио, ателехәаԥшра рҿы.

2002 шықәса раахыс ажурнал "Россия в глобальной политике" аредактор хада.

2012 ш. – Урыстәыла адәныҟатәии атәылахьчаратәии аполитиказы Ахеилак апрезидиум ахантәаҩы.

2015 ш. - Жәларбжьаратәи адискуссиатә клуб "Валдай" аҿиареи адгылареи рфонд адиректор.

Еицырдыруа жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи адәныҟаполитикеи рзы аексперт, урыстәылеи аҳәаанырцәи р-АИХқәа рҿы хыԥхьаӡара рацәала астатиақәа равтор.

Онлаин-сессиахь ааԥхьара рымоуп афотоҭыхыҩцәа, абильдредакторцәа, ажурналистцәа, аблогерцәа, АИХқәа рхадацәеи апресс-маҵзурақәа русзуҩцәеи. Ахалархәра зҭаху ашәҟәы нарышьҭыр ҟалоит рхалархәышьа арбаны. Инарҭбаау аинформациа шәоур шәылшоит абри аҭел ала: +7 940 9977022.

SputnikPro — ааигәатәи аҳәаанырцә ажурналистцәа рзы имҩаԥырго рккаратә проект ҷыдоуп.

Апроект SputnikPro урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии иреиӷьу амедиаменеџьерцәа, ажурналистцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа, аблогерцәа, аиҳабыратә курсқәа рыстудентцәа уҳәа имҩаԥырго асеминарқәеи, амастер-классқәеи, алекциақәеи ирсистемоуп. Адунеи атәылақәа 22 рҟны: Ермантәыла инаркны Индианӡа, Бырзентәыла инаркны Китаинӡа имҩаԥыргахьеит. 2018 шықәса раахыс апроект рхы аладырхәхьеит 80 тәыла рҟынтәи 3000-ҩык алахәылацәа. Иҿыцу ажәабжьқәа Facebook аҟны шәрызҿлымҳаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0