Урыстәыла Қырҭтәылахь ааԥхьара ҟанаҵоит аичырчаратә усқәа ирҟәаҵырц

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание МИД России
Здание МИД России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәра ганы иҟоуп қырҭтәылатәи аган аилагарақәа ишышьақәдырӷәӷәо Қарҭи, Аҟәеи, Цхинвали рыбжьара аиҿцәажәарақәа, амч ахамырхәаразы азиншьаҭа змоу аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аҵакы рыманы ишыҟоу.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны гәҭынчымрыла иазгәарҭеит аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Қырҭтәылеи Урыстәылеи, Қырҭтәылеи Аԥсынтәылеи, Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәаақәа реилагара лассы-лассы иахьымҩаԥысуа.

Наручники на столе - Sputnik Аҧсны
Хҩык Қырҭтәыла атәылауаа закәаншьаҭада Аԥсны аҳәаа иахьахысыз азы иаанкылоуп

"Қырҭтәыла амчрақәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит апровокациақәа ирҟәаҵырц. Иҟоу апроблемақәа зегьы рзы иманшәаланы рҭыԥ рықәҵаразы Женеватәи аиҿцәажәарақәа, аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы арегионалтә механизмқәа, иформалым аиҿцәажәаратә канал "Г.Б.Карасин – З.И.Абашиӡе" ахархәара рыҭазарц", - аҳәоит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аинформациеи акьыԥхьи рдепартамент ахҳәаа атекст аҟны.

Убри аан урыстәылатәи адәныҟаполитикатә усҳәарҭаҿы иазгәарҭеит "асеиԥш иҟоу аилагарақәа раан урыстәылатәи аган иахьынӡалшо аполитика аҽацәхьакны аӡбара амҩақәа ианрышьҭоу аамҭазы, ақырҭуа ган аполитикатә спектакль еиҿкааны ахара даҽа џьоукы ирықәырҵарц аҽазнашәоит" ҳәа.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәра ганы иҟоуп қырҭтәылатәи аган аилагарақәа ишышьақәдырӷәӷәо Қарҭи, Аҟәеи, Цхинвали рыбжьара аиҿцәажәарақәа, амч ахамырхәаразы азиншьаҭа змоу аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аҵакы рыманы ишыҟоу.

Рашәарамзазы, Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә отриад амаҵзурауааи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә Усбарҭа амаҵзурауааи аицгәаҭарақәа анымҩаԥыргоз Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа еилазгаз Қырҭтәыла атәылауаа хҩык аанкылан. Дара Аԥсны АШәМ аамҭалатә аанкыларҭахь инаган.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0