SputnikPro аԥхьахә IPRA Golden World Awards аиуит

© Sputnik / Томас ТхайцукОбразовательный проект - SputnikPro. Лекция Олега Щедрова
Образовательный проект - SputnikPro. Лекция Олега Щедрова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
IPRA Golden World Awards for Excellence in PR 2020 егьырҭ аноминациақәа рҿы илауреатцәахеит абнатә ԥсабара Адунеизегьтә фонд (WWF), Viber, Coca-Cola, Лукойл, Pan American Energy, Samsung Electronics Russia, Istanbul Metropolitan Municipality уҳәа егьырҭ аилахәырақәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Арккаратә проект SputnikPro ауаажәларра рнырра аусхк аҟны иналукааша жәларбжьаратәи аԥхьахә IPRA Golden World Awards for Excellence in PR 2020 аноминациа "Атәыла, арегион, ақалақь" анаршьеит.

"Ҳусура ахәшьара ҳарак ахьаҭоу агәахәара ҳнаҭоит. SputnikPro ҩышықәсаҟа раԥхьоуп аусура ианалагаз, аха даара актуалра аҵаны иҟалеит. Ҳмаҵзура апроект иалнаршоит зусуратә мҩа ианыло аҟазауаа ажурналисттә усура амаӡақәа дырдырра, ирнаҭоит аҭагылазаашьа аԥышәеи аидеиақәеи реимдаразы", - ҳәа иҳәоит ЖәАА "Россия сегодня" адиректор ихаҭыԥуаҩ Андреи Благодыренко.

SputnikPro — ааигәатәи аҳәаанырцә ажурналистцәа рзы имҩаԥырго рккаратә проект ҷыдоуп.

Апроект SputnikPro урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии иреиӷьу амедиаменеџьерцәа, ажурналистцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа, аблогерцәа, аиҳабыратә курсқәа рыстудентцәа уҳәа имҩаԥырго асеминарқәеи, амастер-классқәеи, алекциақәеи ирсистемоуп. Адунеи атәылақәа 22 рҟны: Ермантәыла инаркны Индианӡа, Бырзентәыла инаркны Китаинӡа имҩаԥыргахьеит. 2018 шықәса раахыс апроект рхы аладырхәхьеит 80 тәыла рҟынтәи 3000-ҩык алахәылацәа. Иҿыцу ажәабжьқәа Facebook аҟны шәрызҿлымҳаз.

Аԥхьахә IPRA Golden World Awards (GWA) анашьара мҩаԥнагоит ижәытәӡатәиу жәларбжьаратә ассоциациа International Public Relations Association (IPRA). Ассоциациа 1955 шықәса раахыс акоммуникациатә стандартқәа еиҿнакаауеит, ООН иазханаҵахьеит. PR IPRA есышықәса  иалнакаауеит  адунеи аҿы иреиӷьу акоммуникациатә проектқәа, рыкреативреи руникалреи азгәаҭаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0