Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 15 нызқьҩык иреиҳаны акоронавирус рыдырбалеит

© Sputnik / Anton Denisov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДезинфекция Киевского вокзала
Дезинфекция Киевского вокзала - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа алаҵәара иалагеижьҭеи Урыстәыла 1 399 334 коронавирус хҭыс ҟалахьеит. Урҭ рахьтә 24 нызқьҩык рыԥсҭазаара иалҵит 1,1 миллионҩык ргәы бзиахеит.

АҞӘА, жьҭаара 18 — Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла урыстәылатәи арегионқәа 84 рҿы 15 099 коронавирус хҭыс ҟалеит, урҭ рахьтә 3996-ҩык симптомада ирхыргоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Акоронавирус аламырҵәаразы Москва аоперативтә штаб адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Лаборатория для тестирования на коронавирус в Архангельской области - Sputnik Аҧсны
Уахыки-ҽнаки рыла 124-ҩык акоронавирус шрылаз аадырԥшит Аԥсны

Иацы 14 922 хҭыс ҿыц ыҟан. Ачымазцәа рхыԥхьаӡара 1,1 процент рыла иацлеит.

Зегь реиҳа ачымазцәа рацәаҩны иазгәаҭоуп Москва — 4610, Санкт-Петербург (674), Подмосковье (460). Чукотка уажәазы аӡәгьы дазгәаҭам.

Аепидемиа алаҵәара иалагеижьҭеи Урыстәыла 1 399 334 коронавирус хҭыс ҟалахьеит. Урҭ рахьтә 24 нызқьҩык рыԥсҭазаара иалҵит 1,1 миллионҩык ргәы бзиахеит.

Зегь реиҳа аҭагылазаашьа уадаҩуп Москва, уа аԥкрақәа алагалоуп: 65 шықәса иреиҳабу, ахроникатә чымазарақәа змоу аҩны иаангылароуп, аилазаарақәеи аиҿкаарақәеи 30% русзуҩцәа онлаинла аусурахь ииаргароуп. Ҩымчыбжьа ҳәа ԥсшьара иоужьыз ашколхәыҷқәа рканикулқәа жьҭаара 18 рзы инҵәоит, аха аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа адистанциатә ҵарахьы ииаргоит.

Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адунеи аҿы 39,1 миллионҩык акоронавирус рыхьхьеит, 1,1 миллионҩык рыԥсҭазаара иалҵит. Зегь реиҳа аҭагылазаашьа уадаҩуп Еиду Америкатә аштатқәа, Индиа, Бразилиа. Урыстәыла аԥшьбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0