Сынтәа Шәача 4,6 миллионҩык атуристцәа рыԥсы ршьеит

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПляжный отдых в Сочи
Пляжный отдых в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәачатәи акадифаамҭа аилашыкьымҭаҵәҟьоуп. Аԥсшьарҭаҭыԥқәа реиҳарак ҭәуп.

АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Сынтәа, ашықәс иаалагазар,  Шәача  4,6 миллионҩык атуристцәа рыԥсы ршьеит. Уажәы акурорт аҿы рыԥсы ршьоит 100 000-ҩык рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит акурорт ахадара апресс-маҵзура.

Шәача асасцәа 1700 рҟынӡа ԥсшьарҭаҭыԥ ааныркылоит. Аԥсшьарҭаҭыԥқәа рҿы ҭагалантәи апрограмма аусура иалагеит, ахәԥсақәа лаҟәуа иалагеит.

Озеро Рица зимой - Sputnik Аҧсны
Аԥсныҟа ашықәсҿыцазтәи атурқәа рыхәԥса шьақәыргылоуп

"Аԥсшьаҩцәа шырацәоугьы акурорт аҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахылаԥшра амоуп, аиҳарак асанатор-курорттә усхк анаплакқәа Роспотребнадзор абжьагарақәа иахьрықәныҟәо азы", - еиҭалҳәоит ақалақь ахадара акурортқәеи атуризми рдепартамент адиректор Светлана Батиакина.

Шәача ақалақь ахадара акурортқәеи атуризми рдепартамент азыԥхьагәаҭарақәа рыла, жьҭаарамза нҵәаанӡа асанаториақәеи аԥсшьарҭақәеи 72-74% иҭәызаауеит. Абҵарамзазы аекспертцәа ишырҳәо ала 68% иҭәуеит.

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы агәҽанҵаратә режим ӷәӷәа жьҭаара 31 рҟынӡа иҟазаауеит. Есыҽны асанатор-курорттә наплакқәа ргәаҭара мҩаԥыргоит амонитортә гәыԥ Роспотребнадзор аҭахрақәа ирықәныҟәаны. 

Атуристцәа иргәаладыршәоит асоциалтә дистанциеи, амедицинатә сабрадақәеи рныҟәгара шхымԥадатәиу.

Ажәабжьқәа зегьы
0