Аԥсны 2021 шықәса аԥхынразы еиҳа заа иаҿарҵо аҭыԥқәа ирылахәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукОтдых в Абхазии
Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асиа шьақәыргылоуп 2021 шықәса аԥхынра аԥсшьаразы заанаҵтәи аҿаҵарақәа рбаза адыррала.

АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. Аԥсны 2021 шықәса аԥхынразы еиҳа заа иаҿарҵо аҭыԥқәа ирылахәуп ҳәа аанацҳауеит аԥсшьаразы анхарҭақәа рҿаҵаразы амаҵзура Tvil.ru.

Аԥснеиԥш иара убасгьы аԥыжәара рымоуп: Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Санкт-Петербурги Ленинградтәи аобласти, Карелиа.

  • Ҟрым - 35 %
  • Краснодартәи атәылаҿацә- 30%
  • Ленинградтәи аобласти Санкт-Петербурги - 15%
  • Аԥсны - 7%
  • Карелиа - 3%

Tvil.ru адыррақәа рыла 2021 шықәсазтәи аҿаҵарақәа 20 процент икаҳаит 2020 шықәсазтәиқәа ирҿырԥшны.

Атуристцәа хынтәны еиҵаны аҿаҵарақәа ҟарҵеит ҵыԥхтә иаҿырԥшны. Убри аан уахыки-ҽнаки рзы ахәԥса 11 процент ихаланы 3025 мааҭ артәеит хҩык рзы шьыжьхьада. Убри аан аотельқәа рҿы аԥсшьара аҭаххара 7 процентк иазҳаит.

Tvil.ru: ишаҳәо ала атуристцәа макьаназ аҭагылазаашьа зеиԥшрахо иазыԥшуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0