Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара асабрадақәа рныҟәгара арежим арӷәӷәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛюди в масках
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус апандемиа адунеи иахыҵәеит. Иахьазы аҿкычымазара рыдбалан 63 миллионҩык, урҭ рҟынтәи миллионки бжаки рыԥсҭазаара иалҵхьеит. Аиҳараҩык ичмазцәоу ЕАА, Индиа, Бразилиа рҟынтәуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара ахаҭарнак Маргарет Харрис ааԥхьара ҟалҵеит асабрадақәа есымша ныҟәыргаларц, иарку аҭыԥқәа рҿадагьы ҳәа аанацҳауеит Reuters.

Абжьгара ҿыцқәа инарықәыршәаны асабрадақәа адәынгьы иныҟәгалатәуп, асоциалтә дистанциа ақәныҟәара алымшозар.

Еиҳа еиӷьны ишьоуп х-ҿыгҳаракны иҟоу асабрадақәа, аҳауа злысуа аба иалхны.

ВОЗ ирабыжьнагом апластик иалху аҿԥыраршәқәа рныҟәгара. Урҭ ирыхьчо ала заҵәык ауп, аха зынӡа акгьы ныҟәумгар аасҭа урҭгьы еиӷьуп ҳәа ишьоуп.

Асабрада ныҟәумгар алшоит аспорттә ҽазыҟаҵарақәа раан.

Ажәабжьқәа зегьы
0