Аҽа х-тәылак рҿы акоронавирус аштамм ҿыц цәырҵит

© Sputnik / Павел Львов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМедицинский работник настраивает оборудование в госпитале
Медицинский работник настраивает оборудование в госпитале - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Британиатәи аҵарауаа акоронавирус авариант ҿыц шаадырԥшыз атәы уаанӡа ирылеиҳәеит Британиа агәабзиарахьчара аминистр Метт Хенкок.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 – Sputnik. Нидерланды, Даниа, Австралиа уаанӡа Британиа иаарԥшыз акоронавирус аштамм ҿыц ашьҭа рбеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Би-би-си адыррақәа шьаҭас иганы.

Ученые за работой в лаборатории  - Sputnik Аҧсны
Британиа аҳәамҭа ҟанаҵеит акоронавирус ишәарҭоу амутациа шымҩаԥысуа

SARS-CoV-2 авариант ҿыц шаарԥшу атәы иҳәеит ԥхынҷкәын 14 рзы Британиа агәабзиарахьчара аминистр Метт Хенкок. Англиа аҳақьым хада,  апрофессор Крис Уиттии, амедицинатә зҵаарақәа рзы Британиа аиҳабыра рабжьгаҩ Патрик Велланси ишьақәдырӷәӷәеит акоронавирус амутациа ҿыц 70 процент еиҳа иццакны ишрылаҵәо, еиҳа ахыхьчара шаҭаху.

Убри аан Британиа аиҳабы иҳәеит, ари авирус ҿыц еиҳа ишәарҭоуп ҳәа адыррақәа шыҟам.

Нидерланды имҩаԥгаз атестқәа ауааԥсыра ирыдырбалеит амутациатә вирус. Абри ашьҭахь аиҳабыра иааныркылеит ажьырныҳәа акы аҟынӡа Великобританиантәи авиареисқәа. Убас еиԥш ҟарҵеит Бельгиа, Италиа, ФРГ.

Австриагьы аҳәамҭа ҟанаҵахьеит аамҭала рҳаиртә еимадарақәа шааннакыло азы. Ари азҵаара иалацәажәоит Франциеи Швециеи реиҳабырақәа.
ВОЗ аепидемиолог Мариа Ван Керкхове иазгәалҭеит, апандемиа иаалагазар амутациатә процесс ишашьклаԥшуаз.

Иҟоу аҭагылазаашьақәа ирҿырԥшны Џьонсон Лондони алада-мрагыларатәи арегионқәеи рҿы аԥкыра ҿыцқәа рылеиҳәеит. Иара иажәақәа рыла ари локдаунуп. Англиа инашьҭарххны аԥкырақәа дырӷәӷәеит Шотландиеи Уельси.

Акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара Британиа ҩ-миллиооонк ирхысхьеит, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 68 000-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0