Ҭырқәтәыла атуристцәа рзы аԥкырацҵақәа аланагалеит COVID-19 иахырҟьаны

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСамолет Airbus A321 авиакомпании Turkish Airlines в аэропорту "Внуково" в Москве.
Самолет Airbus A321 авиакомпании Turkish Airlines в аэропорту Внуково в Москве. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла апровинциақәа зегьы аԥкырақәа ирыҵаркуа ақалақьтә ҵакырақәа рсиа аздырхиоит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik. Ашықәс ҿыц ауха аҳәаанырцәтәи атуристцәа Ҭырқәтәыла ақалақьқәа рыгәқәа рахь инеир ҟалом, Сҭампылгьы налаҵаны. Ҭырқәтәыла ААР абри аҩыза адырра апровинциақәа ирыланарҵәеит.

"Апандемиа аҿагылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ԥхынҷкәын 31 асааҭ 21:00 инаркны ажьырныҳәа 1 асааҭ 10:00 рҟынӡа ақалақьқәа рышҭақәа, абульварқәа, амҩадуқәа рҿы азин ыҟам аныҳәа азгәаҭара атәылауаа реиԥш аҳәаанырцәтәи атуристцәа рызгьы. Сҭампыл ақалақь аҿы раԥхьа иргыланы амҩаду Истиклиаль, ашҭа Султанахмет,  Анкара – ашҭа Кызылаи,  Измир – ашҭа Гиундогду роуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Уаанӡа Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердоган ирылеиҳәахьан аныҳәамшқәа рзы, ԥхынҷкәын 31 асааҭ 21:00 инаркны ажьырныҳәа 4 асааҭ 05:00 рзынӡа акоменданттә сааҭ. Атәылаҿы русура аанкылоуп акаҳуажәырҭақәа, аресторанқәа. Убри аан Ҭырқәтәыла акультуреи атуризми рминистр Мехмет Нури Ерсои РИА Новости иазеиҭеиҳәеит акоменданттә сааҭ атуристцәа шаҵанамкуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0