Ԥшьҩык ҭахеит Вашингтон имҩаԥысуа аҿагыларатә акциақәа ирыхҟьаны

© Sputnik / Артур Габдрахманов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкция протеста сторонников Д. Трампа в Вашингтоне
Акция протеста сторонников Д. Трампа в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вашингтон имҩаԥысуа аҿагыларатә акциақәа рылахәылацәа 52-ҩык аанкылоуп, џьоукы- абџьар закәаншьаҭада иахьныҟәырго азы, реиҳараҩык- Колумбиа иалагалоу акомендантә сааҭ ахьеиларгаз азы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 7-Sputnik. Ԥшьҩык ҭахеит Вашингтон имҩаԥысуа аҿагыларатә акциақәа ирыхҟьаны, абри атәы иҳәеит аҭыԥантәи аполициа аиҳабы Роберт Конти, иаҩуеит РИА Новости.

Уи аԥхьа адырра ҟарҵахьан дышҭахаз ахәра ӷәӷәа зауз Ешли Беббит- арбџьармчқәа аветеран.

"Капитолиа аусзуҩ имаҵуратә бџьарла аԥҳәыс длеихсит. Лара ахәышәтәырҭахь днаган, иахәҭаз ацхыраара лырҭеит, аха лыԥсҭазаара далҵит. Иара убас, Капитолиа аԥхьа х-ԥсыҭбарак ҟалеит ҳәа адырра ыҟан", - иҳәеит Конти.

Ԥхынҷкәын 6 рзы макьана ЕАА ахада Дональд Трамп идгылаҩцәа аҿагыларатә акциақәа мҩаԥыргеит Капитолиа азааигәара, анаҩсан реиҳараҩык ахыбра иажәлеит, уаҟа аконгрессменцәа алхрақәа рылҵшәақәа шьақәдырӷәӷәараны иҟан. Абжьыҭара алҵшәақәа рыла алхрақәа рҟны аиааира игеит адемократ Џьо Баиден.

Аконгресс аусура хацныркит асааҭ 20:00 (4:00 москватәи аамҭала), аконгресс алахәылацәа аӡәырҩы ирҳәеит ҿыц иалырхыз ЕАА ахада ҳәа Баиден ихьӡ шырҳәо.

Абҵара 3 рзы Еиду аштатқәа рҟны имҩаԥысит атәыла ахада иалхра. Абжьқәа рыԥхьаӡара акыр иуадаҩны имҩаԥысуан. Акандидатцәа дара дара ахара рыдибаҵон аполитикатә ԥаршеира мҩаԥгоуп ҳәа. Џьо Баиден 306 бжьы иоуит, Дональд Трамп — 232 бжьы. Трамп макьана иаҵахара дақәшаҳаҭым.

Ажәабжьқәа зегьы
0