Жәларбжьаратәи амеханизмқәа аус дҳаруроуп: Лавров латвиатәи ажурналистцәа рус дахцәажәеит

© Foto / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча глав МИД РФ и Саудовской Аравии С. Лаврова и Ф. бен Фархана
Встреча глав МИД РФ и Саудовской Аравии С. Лаврова и Ф. бен Фархана - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыс бызшәала иҩуа латвиатәи ажурналистцәа, апорталқәа Baltnews, Sputnik Латвиагьы абрахь иналаҵаны, ахара рыдҵан Евроеидгыла асанкциақәа ррежим еиларгеит ҳәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра иалшо ҟанаҵоит, жәларбжьаратәи амеханизмқәагьы ахы ианархәоит Baltnews, Sputnik Латвиа ажурналистцәа рус аҭҵааразы. Латвиатәи ажурналистцәа ахара рыдҵан Евроеидгыла асанкциақәа ррежим еиларгеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров апресс-конференциаҿ, ажьырныҳәа 18 рзы.

"ООН, ОБСЕ, Еврохеилак рахь ашәҟәқәа ҳашьҭхьеит. Ԥхьаҟагьы аус ааулоит абри аганахьала. Асеиԥш ахҭысқәа аҭыԥ анроуа, убри аан ҳара амассатә информациа ахархәагақәа рзинқәа шеиларго азы узвамло афактқәа анҳамоу, ООН азинхьчаратә форматқәа рҿы иҟоу амеханизмқәа иҟоу рызмыриашаргьы, азхьаԥшра арҭоит. Ҳара иаҳҭахуп аконвенциақәа рҿы иҟоу амеханизмқәа, асеиԥш аилагара ариашаразы атәыла ақәыӡбара азҭо амеханизмқәа, аилагарақәа аԥыххаанӡа ахара змоу иааиҟәамҵуа ишьҭоу амеханизмқәа аус рырура", - ҳәа иҳәеит иара.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр игәаанагарала, урысшәала иҩуа АИХқәа рыӡбахә анырҳәо жәларбжьаратәи аструктурақәа "аиаша азықәԥара рҽацәхьаркуама ҳәа рзуҳәартә рхы мҩаԥыргоит".

Ситуации с угрозами сотрудникам Sputnik Эстония - Sputnik Аҧсны
"Иҳашьҭоуп": ажурналист еиҭалҳәеит урыстәылатәи АИХқәа рзы иҩуа Латвиа ишырзыҟоу

Лавров иазгәеиҭеит Латвиа ахатәџьынџьуаа рганахьала ахымҩаԥгашьа "иҷыдоу аполитикатә ориентациа" амазаароуп иаанаго ҳәа.

Сергеи Лавров иҳәеит Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа инарываргыланы Урыстәыла ААР агәы иҭоуп ари аус аҭҵаара иаднаԥхьаларц ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭахь ашшра зылшо егьырҭ иеиҳабыратәым аиҿкаарақәагьы.

"Ари аҭагылазаашьа ҩбаны еилкаашьа амам. Иҟоу ыҟоуп. Сгәы иаанагом аӡбарҭа азыӡба аднакыларц азы аамҭа рацәа аҭахуп ҳәа. Уи адагьы азиндырыҩцәа-жәларбжьаратә усзуҩцәеи аџьынџьуаа рзинқәа рыхьчаразы Афонди аус рыцаауеит. Дара азыхиоуп ажурналистцәа ацхыраара рыҭара. Sputnik ҳадгылоит уи урыстәылатәи амассатә информациа иахьахархәагоу мацаразы акәым, иарбанзаалак атәыла атәылауаҩ аинформациа иахьиҭаху аҟынтә иоурц азин ахьимоу азы", - ҳәа иҳәеит иара.

Sputnik Латвия вернулся к читателям в доменной зоне .com - Sputnik Аҧсны
Здәылгара аҭахымызгьы ргеит: Латвиа иаанкылаз ажурналист еиҭеиҳәеит иҩны ишеимдоз

Урыс бызшәала иҩуа ажурналистцәа, ҷыдала апорталқәа Baltnews, Sputnik Латвиа рҿы аус зуаз рганахьала ашьаусҭҵаара хацыркуп. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзураҿы иазгәарҭеит ажурналистцәа ишеиларгаз Латвиа иаланагалаз амилаҭтә санкциақәа (Латвиа АЗ ахәҭаҷ 84).

Sputnik.Латвиеи Baltnews-и амедиагәыԥ МИА "Россия сегодня" иадҳәалоуп аха убри аан урҭ аштатнҭыҵтәи авторцәоуп.

Уаанӡа Урыстәыла ААР Латвиа анапхгара урысшәала иҩуа ажурналистцәа рганахь ала акарательтә акциақәа мҩаԥыргоит ҳәа азгәанаҭахьан. Адипломатиатә усҳәарҭаҿы ирҳәоит иаартны асанкциақәа ахаҭалатә ҟазшьа рымоуп, иззырхоугьы МИА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов иоуп, уи инахыс амедиахолдинг аус ацызуа аҵанамкроуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0