Иԥсҭазаара далҵит актиор Васили Лановои

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ.Путин принял участие в церемонии вручения премии Русского географического общества
В.Путин принял участие в церемонии вручения премии Русского географического общества - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Васили Лановои иԥшәмаԥҳәыс, актриса Ирина Купченкои акоронавирус рыманы ажьырныҳәамзазы ахәышәтәырҭахь инаган.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. СССР Жәлар рартист Васили Лановои иԥсҭазаара далҵит 88 шықәса дшырҭагылаз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Москва ахада Сергеи Собианин идыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Васили Лановои иԥшәмаԥҳәыс, актриса Ирина Купченкои акоронавирус рыманы ажьырныҳәамзазы ахәышәтәырҭахь инаган. Мышқәак раԥхьа иара деицәахан ареанимациахь диаган.

Участники акции Бессмертный полк в Москве - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла "Ԥсра зқәым архәҭа" амҩанысра арыцхә инахоуп

"Ажәабжь бааԥс ҳзааиит. Иԥсҭазаара далҵит артист ду, жәлар зегьы бзиа еицырбоз Васили Семион-иԥа Лановои, зфырхацәа миллионҩыла ахәаԥшцәа рҿыԥшуаз. Лановои иаԥиҵаз ахаҿқәа хашҭшьа змам роуп… срыдашшылоит Васили Семион-иԥа иҭаацәа", - иҩуеит Сабианин Instagram аҿы.

Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова Facebook аҿы илҩит Лановои амц иаҿагылаз, оумашәа аиашара иазықәԥоз шиакәыз. "Дтәылауаҩ иашаҵәҟьан" ҳәа изылҳәоит.

Васили Лановои иԥсҭазаара абжак аҿар апатриотизми аԥсадгьыл абзиабареи рылааӡара иазикхьан ҳәа лҳәоит аиҿкаара "Волонтеры Победы" аиҳабы Ольга Амельченкова.

"Епоха дук ҳацәцеит", - лҳәеит Амельченкова.

Аиҿкаара "Урыстәыла ԥсра зқәым архәҭа" ацхантәаҩ Елена Цунаева илҳәеит "Ԥсра зқәым архәҭа" Васили Лановои ахааназгьы баҟас ишизыҟало, иара акциа аиҿкааҩцәа дшыруаӡәкыз, ԥсыс иахаз дышреиуаз.

"Ахьӡ, Аԥша, Аламыс, Аԥшӡара, Афырхаҵара, Аиааира баҟаҵас дырзыҟан", - азгәаҭоуп Евгени Вахтангов ихьӡ зху атеатр аҟынтәи анекролог аҿы.

Сценак аҿы ицыхәмаруаз актриса Нонна Гришаева илҳәоит Лановои иҟыбаҩ аҽакы ишаламҩашьоз.

Васили Лановои диит ажьырныҳәа 16 1934 шықәса рзы Москва. 1953 шықәса рзы МАУ ажурналистика афакультет дҭалоит, нас – Шьчукин ихьӡ зху Атеатртә ҵараиурҭа, дагьалгоит 1957 шықәса рзы.

Акино аҿы 70 рҟынӡа роль дыхәмархьан. Лановои дызлахәыз акиносахьақәа иреиуоуп: "Алые паруса", "Война и мир", "Офицеры", "Семнадцать мгновений весны", "Анна и Командор", "Дни Турбиных" уҳәа егьырҭгьы.

Илшамҭақәа рзы ианашьан аорден "Аԥсадгьыл аҿаԥхьа алшамҭақәа рзы", Аҳаҭыр аорден, аԥхьахәқәа "Ахьтәы сабрада", "Аҵәцаш Турандот" уҳәа егьырҭгьы.

Лановои апатриоттә акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩыс дыҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0