Адунеи аҟны COVID-19 зцәа иалоу рхыԥхьаӡара 102 миллион еиҳауп

© Sputnik / Илья Наймушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМороз в Красноярске
Мороз в Красноярске - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2021
Анапаҵаҩра
COVID-19 зцәа иалоу ауааԥсыра рзы аԥыжәара рымоуп Еиду аштатқәа. Урыстәыла аԥшьбатәи аҭыԥ ннакылоит.

АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Адунеи аҟны COVID-19 зоухьоу рхыԥхьаӡара 102 миллион еиҳауп ҳәа азгәаҭоуп Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара (ВОЗ) адырраҭараҿы.

Работа прививочного пункта по вакцинации от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2021
Алаҵа "Спутник V" акьыбачымазара змоу ишырныруа атәы ҭырҵаауеит

Рыԥсҭазаара иалҵхьеит ҩ-миллионҩык апациентцәа.

Ачымазцәа рзы актәи аҭыԥ ныркылоит ЕАА—25 миллион, аҩбатәи – Индиа ( 10,7 миллион), ахԥатәи — Бразилиа (9 миллионк), аԥшьбатәи — Урыстәыла (3,8 миллион), ахәбатәи — Британиа ду (3,7 миллионк).

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Урыстәыла 3 850 439 акоронавирус хҭыс аҭыԥ аман, 73 182 рыԥсҭазаара иалҵит, 3 300 004 ргәы бзиахеит.

Ажьырныҳәа 30 азтәи адыррақәа рыла Аԥсны 11520 акоронавирус хҭыс ҟалахьеит. Ргәы бзиахеит 9820-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 172-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0