Абиткоин аҽазныкгьы аҭоурыхтә рекорд иахысны 58 нызқь доллар иаԥсахеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСувенирная монета с логотипом криптовалюты биткоин.
Сувенирная монета с логотипом криптовалюты биткоин. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2021
Анапаҵаҩра
Адунеиаҿ еиҳа ирылаҵәоу акриптовалиута 71,1 процент аџьармыкьа аҵанакуеит. Апортал CoinMarketCap адыррақәа абиткоин 1,68% иацланы ишьақәнаргылеит 58,113 доллар. Адинамика аагоуп уахыки-ҽнаки ирыҵаркны.

АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Абиткоин аҽазныкгьы аҭоурыхтә рекорд иахысны 58 нызқь доллар иаԥсахеит.

Акриптовалиута алахәаахәҭырҭатә биржа Binance аҿы абиткоин асааҭ 15:30 рзы ахә 2,12% ихаланы 58,1 нызқь доллар ҟалеит.

Апортал CoinMarketCap адыррақәа рыла абиткоин 1,68% иацланы ишьақәнаргылеит 58,113 доллар. Адинамика аагоуп уахыки-ҽнаки ирыҵаркны.

Абиткоин ахә халеит ԥхынҷкәын аҽеиҩшамҭазы. Ԥхынҷкәын 16 рзы акриптовалиута 20 042 доллар иахысит. Ажьырныҳәа 8 рзы биткоин 41 950 доллар иҟалеит. Анаҩс иааиԥмырҟьакәа аҽаԥсахуа иалагеит.

Жәабран 8 рзы Илон Маск иеилахәыра Tesla адырра ҟанаҵеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы миллиардки бжаки алагаланы аинвестициатә политика шеиҭарҿыцыз азы, убри ашьҭахь абиткоин ахә шьҭыҵит. Ажьырныҳәа 8 азтәи ахәԥса - 41 950 доллар иахысны ҩымш инеиԥынкыланы арекордқәа ҟанаҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0