Урыстәыла ААР гәыӷуеит Гал имҩаԥысло ақырҭуа-аԥсуа еиԥыларақәа еиҭахацыркхап ҳәа

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВиды Москвы
Виды Москвы - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы хәажәкыра 9 рзы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа алахәны имҩаԥысит арегионалтә шәарҭадара актуалтә темақәа рылацәажәара.

АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы агәыӷра аадырԥшуеит аидысларақәа разыԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы ақырҭуа-аԥсуа механизм (МПРИ) Гал аилатәарақәа еиҭахацыркхап ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит адәныҟаполитикатә усбарҭа асаит.

Встреча с сопредседвтелями Женевских дискуссий - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2021
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Аҟәа еиԥылеит

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденко идикылеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа – Аахыҵ Кавказ азы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Т.Клаар, ООН ахаҭарнак Џь.Султаноглу, Аахыҵ Кавказ азы ОБСЕ ахантәаҩ ихаҭарнак ҷыда А.Седер.

Урыстәылатәи аган азхьаԥшра ҷыда анаҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы аусурақәа рымҩаԥысра азҵаара.

Иара убасгьы аиԥылараҿы ирылацәажәан арҭ аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аҳәаа аделимитациеи адемаркациеи рыпроцесс алагара.

Аидысларақәа разыԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы ақырҭуа-аԥсуа механизм (МПРИ) аформат ала аиԥыларақәа ирылаган 2009 шықәса рзы. Урҭ ирылахәын Аахыҵ Уаԥстәыла, Аԥсны, Урыстәыла, Қырҭтәыла, имҩаԥысуан ААЕА, Евроеидгыла рыбжьаҟазарала.

Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамза раахыс, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа инадыркны. Иахьазы ари аҭыԥ заҵәоуп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла еиқәшәаны еицәажәар ахьрылшо. Иара иалахәуп: Урыстәыла, Еиду Америкатәи аштатқәа (ЕАА), Ихьыԥшым амилаҭқәа реиҿкаара (ИАР - ООН), Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Европатәи аиҿкаара (ААЕА - ОБСЕ), Евроеидгыла рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0