ВОЗ ишьақәнырӷәӷәеит ауаҩы иҟынтәи аԥстәқәа рахь COVID-19 ииасыр шауа

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчёные Крымского федерального университета разработали новую вакцину от коронавируса
Учёные Крымского федерального университета разработали новую вакцину от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2021
Анапаҵаҩра
Ауаҩы иҟынтәи аԥстәқәа рахь аиасра ахьауа азы авирус агенетикатә модификациа ахьыр ҟалоит.

АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара ишьақәнырӷәӷәеит ауаҩы иҟынтәи аԥстәқәа –ала, ацгәы, алым, абнацгәы уҳәа рахь COVID-19 ииасыр шауа. Убри азы ВОЗ COVID-19 змоу ауаа аҩнатә ԥстәқәа рааигәа инармышьҭларц абжьгара ҟанаҵоит, абри атәы лҳәеит Урыстәыла иҟоу ВОЗ ахаҭарнак Мелита Вуинович РИА Новости аинтервиу аҭо.

Работа ветеринарной клиники в Иванове - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Урыстәыла аԥстәқәа рзы COVID-19 аҟынтә адунеи аҿы раԥхьатәи алаҵа ҟарҵеит

"Иахьазы абжьгара ҟаҳҵоит COVID-19 зыхьуа ауаа аԥстәқәа ирынмырларц. Авирус COVID-19 аиҳарак ауаҩ иҟынтәи ауаҩ иахь ииасуеит, аха иҟоуп ахҭысқәа ауаҩы-аԥстәы аканал ала ианиасуагьы", - лҳәоит Вуинович.

Лара иазгәалҭеит ауаҩ чымазаҩ инырыз аԥстәқәа – ала, ацгәы, алым, абнацгәы COVID-19 шрыдбалаз.

ВОЗ аҵарауаа иҭырҵаауеит авирус егьырҭ аԥстәқәа ишырныруа. ВОЗ агәҽанҵара ҟанаҵоит авирус аиҭакрақәа рышьклаԥшразы, аԥстәы аҟынтәи ауаҩы иахь аиасра алшара аилкааразы.

COVID-19 змоу рыҩнтәы ԥстәқәа ирхылаԥшуа дара рыда уаҩ дыҟамзар, агигиенатә уснагӡатәқәа ишахәҭоу ирықәныҟәаларц рабжьгоуп.

Урыстәыла аԥстәқәа рзы COVID-19 аҟынтә адунеи аҿы раԥхьатәи алаҵа ҟарҵеит, иара массала аҭыжьра иалагоит мшаԥымза инаркны. Алаҵа "Карнивак-Ков" аус адырулеит "Аԥстәқәа ргәабзиара ахьчаразы Афедералтә центр" аҿы. Ари иахьа адунеи аҿы аԥстәқәа рзы COVID-19 хызҽуа раԥхьатәи лаҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0