"Оскар" алауреатцәа рыӡбахә ҳәоуп

CC0 / / Статуэтки премии Оскар
Статуэтки премии Оскар - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2021
Анапаҵаҩра
Лос-Анџьелес имҩаԥысит ЕАА акиноакадемиа аԥхьахә рыҭара 93-тәи ацеремониа. "Оскар" аҭара ацеремониа ишиашоу ицоз аефир аҿы имҩаԥнагон ателеканал ABC.

АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Ашықәс азы иреиӷьу фильмуп ҳәа акиноакадемикцәа иалыркааит Хлоиа Чжао лфильм "Аџьамлахцәа рыдгьыл".

Асахьа еиҭанаҳәоит усурада, ҩныда-гәарада инхаз аԥҳәыс Америка автофургон ала лныҟәара аҭоурых.

Кадр из фильма Паразиты. Архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2020
"Оскар-2020": иреиӷьӡақәоу алкаауп

Актриса Френсис Макдорманд, ароль хада назыгӡаз, "Оскар" лоуит аноминациа "иреиӷьу аԥҳәыс лроль" азы. Хлоиа Чжао ашықәс иреиӷьу арежиссиор ҳәа далкаауп.

Иреиӷьу ахаҵа ироль азы "Оскар" ианашьоуп Ентони Хопкинс – акинофильм "Аб". Актер 83 шықәса дырҭагылоуп.

Еиҳа аоригиналра зҵоу асценари ҳәа иалырхит британиатәи актриса, арежиссиор Емиральда Феннел – афильм "Агәыӷрақәа узҭо аҭыԥҳа".

Иреиӷьу аҳәаанырцәтә сахьаркыратә фильм ҳәа азҳәоуп даниатәи арежиссиор Томас Винтерберг икиносахьа "Аҽа акака". Иреиӷьу анимациатә фильм –амультфильм "Аԥсы", иреиӷьу адокументалтә фильм — "Сара сырҵаҩы — аашьапы".

Аноминациа "аҩбатәи аплан иатәу иреиӷьу артистка" – Алада Кореиатәи актриса Иун Ио-џьон, афильм "Минари".

Иреиӷьу аоператортә усуреи адекорациеи рзы акиносахьа – "Манк".

Иреиӷьу композициан иалкаауп ашәа Fight for You – акинокартина "Иудеи мессиа еиқәаҵәеи".

"Оскар" есышықәса иранашьахоит 24 категориа рыла акинематографеи анимациеи рҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0