АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik. Анемец музыкант, арок-гәыԥ Rammstein афронтмен Тилль Линдеманн урысшәала инеигӡаз ашәа "Любимый город", мышқәак рыҩныҵҟа YouTube аҟны ҩ-миллионҩык рҟынӡа ахәаԥшит.
Мшаԥы 27 азтәи адыррала аклип иахәаԥшыз 1,9 миллионҩык иреиҳахеит.
Ашәа ажәақәа иҩит Евгени Долматовски, амузыка – Никита Богословски. Раԥхьаӡа акәны иара афильм "Истребитель" аҿы Марк Бернес инеигӡеит. "Любимый город" анемец-фашистцәа рҿагылара иагимну ашәоуп.
Асовет хит анагӡара Бекмамбетов идигалеит Линдеманн ихаҭа. Rammstein ашәаҳәаҩ ари ГДР агәхьаагареи Асовет Еидгылаҿ иаб акраамҭа ахьихигози ирыдиҳәалеит.
Авидеоролик аҿы Rammstein авокалист дԥырҩуп.
Уаанӡа анемец рокер изныкымкәа иконцертқәа рҿы урыс бызшәала ицәажәо ирҿиара абзиабаҩцәа иара уи абызшәала данрацәажәалоз ыҟан, иара убасгьы 2019 шықәсазтәи итрек "Ausländer" аҟны аурыс бызшәа ихы иаирхәон.