Лавров: Урыстәыла иаҩызам ҳәа иаԥхьаӡо атәылақәа рсиа лассы ицәырнагоит

© Foto / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча глав МИД РФ и Израиля С. Лаврова и Г. Ашкенази
Встреча глав МИД РФ и Израиля С. Лаврова и Г. Ашкенази - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2021
Анапаҵаҩра
МИА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов РИА Новости аҿы диҿцәажәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Владимир Путин инапынҵала Урыстәыла аиҳабыра иаҳҩызам ҳәа иаҳԥхьаӡо атәылақәа рсиа ашьақәыргылара иаҿуп иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

"Ари асиа аус адулара иаҿуп аиҳабыра рҿы. Ҳаргьы ари аусура ҳалахәуп. Иалахәуп иара убасгьы егьырҭ еиуеиԥшым аусбарҭақәа. Сара уажәы исҭахым аус саԥыҩланы акы аҳәара: ҳара иаҳҭахым ҳхы иааҭашәаны, ԥаса зны Урыстәылаз иакәымк зҳәаз тәылак уи асиахь аҵаркра. Ҳара ҳаӡбарақәа шьаҭас ирымазароуп анализ ҵаула. Ҳазхәыцроуп высшьа змоуи измами. Ԥсыхәа змам аизыҟазаашьақәа раан ари асиа ахарҭәаара ауеит. Адокумент, ҳәарада иҟалар зылшо аизыҟазаашьақәеи аҭагылазаашьақәеи ирхьырԥшны еиҭаҳклоит", - иҳәеит Лавров.

Киселиов изҵаара ианбазалшо ари асиа абара ҳәа ииҳәаз аҭакс Сергеи Лавров иазгәеиҭеит уи хара имгакәа ишцәыргахо.

Здание Министерства иностранных дел РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2021
Лавров: Урыстәылагьы Америка иаҿагылоу асанкциақәа аланагалоит

"Сгәы иаанагоит хара имгакәа абара алшоит ҳәа. Аиҳабыра анапынҵа ҷыдақәа рыҭоуп. Аилкаара иаша рымоуп ари аус аҿы инапхгаганы иаабо акритериқәа", - инаҵишьит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Иара убасгьы иара иазгәеиҭеит ирҩызам ҳәа иршьо аҳәынҭқаррақәа рҿы аҭыԥантәи аперсонал рыдкылара азин шырмоуа. Иарбанызаалак ахатәхаҿқәа – урыстәылатәқәоума, иҳәаанырцәтәқәоума рыдыркылалар алшом.

Аинтервиу зегьы шәаԥхьар ҟалоит абра>> Лавров: войны в Донбассе можно и нужно избежать

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0