Захарова илҳәеит ЕАА урыстәылатәи АИХ-қәа рганахьала адискриминациа мҩаԥыргоит ҳәа

© AFP 2023 / Brendan Smialowski Вид здание Верховного суда США в Вашингтоне, округ Колумбия
Вид здание Верховного суда США в Вашингтоне, округ Колумбия - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2021
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 23 рзы Урыстәыла аиустициа аминистрра аҳәаанырцәтәи амассатә-информациатә хархәагақәа рсиахь иахырыԥхьаӡалеит аинтернет-ҭыжьымҭа "Медуза".

АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова Sputnik иалҭаз аинтервиу аҟны иазгәалҭеит, аҭыжьымҭа "Медуза" Урыстәыла аус зуа зхаҭабзиара ҳараку АИХ-қәа ишырхыԥхьаӡалаз.

"Ҳара ҳзы "Медуза" амассатә-информациатә хархәаганы иаанхоит. Азҵаарақәа аарышьҭыр-ҳара аҭак ҟаҳҵоит. Аҭел иаҳзасыр- ҳрацәажәоит. Ҳара рзинқәа еилаҳгом. RT, Sputnik рҟны ЕАА аиҳабыра ахаҭарнакцәа жәбахьоума? Мап. Дара ирӡаӡом урҭ аус рыцура шырҭахым", - лҳәеит Захарова.

Захарова лажәақәа рыла, мраҭашәаратәи атәылақәа жәпакы рҟны ачынуаа азин рымам RT, Sputnik рацәажәаразы, иара убас урыстәылатәи АИХ -қәа рҟны аус зуа ауаа ирықәымчуеит ҳәа.

Захарова иазгәалҭеит, урыстәылатәи азакәанқәа акырӡа ишыҟәымшәышәу, аиԥш зеиԥшу америкатәиқәа раасҭа.

Латвиа ашәҟәы иҭагалоу аинтернет-ҭыжьымҭа "Медуза" мшаԥымзазы Урыстәыла аиустициа аминистрра аҳәаанырцәтәи амассатә-информациатә хархәагақәа рсиахь иахырыԥхьаӡалеит.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова линтервиу ду урысшәала шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0