Захарова аҳәамҭа ҟалҵеит ЕАА Аконсултә ҟәша аусура ахала иҵнашәааит ҳәа

© Sputnik / Евгения Новоженина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПосольство США в Москве возобновило выдачу виз
Посольство США в Москве возобновило выдачу виз - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2021
Анапаҵаҩра
Москва Вашингтон иаднымцалеит Аконсултә ҟәша аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара аиҵытәра, уи ЕАА аӡбамҭоуп, лҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.

АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова Sputnik иалҭаз аинтервиу аҟны аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла иҟоу ЕАА Аконсултә ҟәша аусура ахала иҵнашәааит ҳәа.

Урыстәыла иҟоу ЕАА ацҳаражәҳәарҭаҟны аҳәамҭа ҟарҵеит урыстәылауаа рзы аконсултә усқәа аанкылоуп ҳәа.

Акыр шықәса ЕАА имҩаԥыргоз аусура иахҟьаны Аконсултә ҟәша аусура еиларгеит. Рхаҭа аусура бжьырхит, аха дара Урыстәыла ахара адырҵоит, уи мцуп, лҳәеит Захарова.

"Акультура, аекономика азҵаарақәа роума, аконсултә усқәа роума, адипломат имҩаԥиго аусқәа зегьы ҳәаақәызҵо атәыла ауп. Москва Вашингтон иаднымцалеит Аконсултә ҟәша аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара аиҵытәра, уи ЕАА аӡбамҭоуп", - азгәалҭеит лара.

Еиду Америкатәи аштатқәа Урыстәыла аганахьала асанкциа ҿыцқәа аларгалеит. Урҭ ирыҵаркит 32 хазхаҿи аиҿкаарақәеи. Уи адагьы, Вашингтон аҳәамҭа ҟанаҵеит урыстәылатәи адипмиссиа ахаҭарнакцәа жәаҩык атәыла ишалнацо азы.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова линтервиу ду урысшәала шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0