Адунеи аҿы зегь реиҳа амал змоу ауаҩы Џьефф Безос акосмос ахь дцоит

© Foto / instagram / Roskosmos / Ivan VagnerЗемля с борта Международной космической станции
Земля с борта Международной космической станции - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2021
Анапаҵаҩра
Аонлаин-аукцион аҿы аҭиразы иқәдыргылеит Џьефф Безос дзықәтәараны иҟоу акосмостә ӷбаҿы даҽа пассаџьыртә ҭыԥк.

АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Amazon аԥызҵаз, адунеи аҿы зегь реиҳа амал змоу ҳәа иԥхьаӡоу Џефф Безос адырра ҟаиҵеит ԥхынгәы 20 рзы иашьа диманы акосмос ахь дшыԥыруа, иара ихатә компаниа Blue Origin иатәу аӷба New Shepard дақәтәаны.

"Хәышықәса анысхыҵуаз аахыс сыԥхыӡ иалан акосмос ахь сышцо. Ԥхынгәы 20 рзы сара уахь сдәықәлоит сашьа дсыманы. Зеиԥш ҟамлац ланарԥшырахоит зегь иреиӷьасшьо сҩызеи сареи ҳзы", - иҩуеит Безос Instagram аҿтәи идаҟьаҿы.

Посмотреть эту публикацию в Instagram

Публикация от Jeff Bezos (@jeffbezos)

Уаанӡа Blue Origin иалагеит аонлаин-аукцион амҩаԥгара, уи аукцион аҿы иқәдыргылеит Џьефф Безос дзықәтәараны иҟоу изныкымкәа аорбитахь ихалар зылшо акосмостә ӷба New Shepard аҿы даҽа пассаџьыртә ҭыԥк аҭиразы. Акосмос ахь ихалоит ҳәа ргәы иҭоуп ԥхынгәы 20 рзы. Рашәара 12 рзы еилкаахоит аонлаин-хәаахәҭраҿы апассаџьыртә ҭыԥ аахәара зылшаз ауаҩы.

Акомпаниа Blue Origin аҿы адырра ҟарҵеит Безосаа акосмос ахь ишцо аукцион аҟны аиааира згаз ауаҩы дрыманы. Аӷба New Shepard 15-нтә агәаҭаратә ԥыррақәа мҩаԥнагахьеит, аҵыхәтәаны ианыԥрыз мшаԥымза аҽеҩшамҭазы акәын. 

Ажәабжьқәа зегьы
0