Урыстәылантәи Ҭырқәтәылаҟа ицо аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара азы азԥхьагәаҭа ҟарҵеит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВозобновление авиасообщения между Россией и Турцией
Возобновление авиасообщения между Россией и Турцией - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2021
Анапаҵаҩра
Рашәара 22 инаркны Ҭырқәтәылаҟа аҳаирпланқәа ахьынтәԥыруа жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазақәа рсиа иаҵанакит 32 қалақь.

АҞӘА, рашәара 23- Sputnik. Рашәара 22 инаркны цәыббра анҵәамҭанӡа Урыстәылантәи Ҭырқәтәылаҟа ицо аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара наӡар алшоит х-миллионҩык рҟынӡа, абри азы алкаақәа ҟанаҵеит Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациа (АТОР) аналитикатә ҟәша.

Турецкий флаг на фоне стамбульского пейзажа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Урыстәылатәи атуристцәа Ҭырқәтәылаҟа зыхәԥса лаҟәыз атурқәа зегь аархәеит

Ари аҩыза аҭагылазаашьа алшоит уажәтәи аҿаҵаратә динамикеи ахәԥсақәеи аанхар, иара убасгьы аҿкчымазара аламырҵәаразы иалагалоу аԥкырақәа ирыцрымҵар.

Аԥсшьара аамҭа жьҭаарамзанӡа инаӡар ҟалоит аҳауатә ҭагылазаашьа маншәалахар.

2021 шықәсазтәи аԥсшьара аамҭа аан урыстәылатәи атуристцәа еиҳа еиҳахоит 2020 шықәса аасҭа, аха 2019 шықәсатәи арекорд изахысуам ҳәа азыԥхьагәаҭоуп. Аԥырраз аԥкырақәа анаԥырх ашьҭахь актәи амш азы ирзыԥшуп 44 реис рыла 12,2 нызқьҩык атуристцәа Урыстәылантәи Анталиаҟа рнеира.

Росавиациа рашәара 21 азы адырра ҟанаҵеит Ҭырқәтәылаҟа аҳаирпланқәа ахьынтәԥыруа жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазақәа рсиа аганахь ала. Зынӡа асиа иаҵанакит 32 қалақь.

Урыстәылатәи атуристцәа Ҭырқәтәыла иалалар ҟалоит алаҵа рзыҟаҵазар, ма ПЦР-тест рымазаара шаҭахым азы аршаҳаҭга рымазар.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0