Путин еиҭеиҳәеит иарбан лаҵоу иҟаиҵаз атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация от COVID - 19 в Абхазии
Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟаиҵеит ааԥынразы. Алаҵа ашьҭахь иара еиҭеиҳәон аиммуннтә ҭак шиоуз, аха убри аан иарбан лаҵоу иҟаиҵаз атәы имҳәеит.

АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәеит акоронавирус аҟынтә алаҵа "Спутник V" шыҟаиҵаз ишиашоу ицо аефир аҿы.

"Аӡбра сыдыскылеит "Спутником V" ҟасҵарц азы. Ҳарбџьар мчқәа зегьы ирзыҟаҵоу алаҵа "Спутник V" акәзар, саргьы акомандаҟаҵаҩ хада иҳасаб ала уи ҟасҵар акәын", - иҳәеит иара.

Путин еиҭеиҳәеит аԥхьатәи алаҵа ашьҭахь ԥшь-сааҭк рнаҩс алаҵаҭыԥ шихьуаз, ауха асааҭ 12 рзы 37,2 рҟынӡа ишоура шхалаз, аха ашьыжь –36,6 рҟны ишнеиз.

Ажәабжьқәа зегьы
0