Владимир Меньшов ачымазараҿкы изыннажьыз ахҟьаԥҟьа иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПредвыборный штаб кандидата в президенты РФ В. Путина
Предвыборный штаб кандидата в президенты РФ В. Путина - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Анапаҵаҩра
Акинорежиссиор Владимир Меньшов 81 шықәса ихыҵуан, аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазку аусмҩаԥгатә азы аамҭеи арыцхәи еилкаахоит ԥыҭрак ашьҭахь.

АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Урыстәылатәи арежиссиор Владимир Меньшов ачымазараҿкы изыннажьыз ахҟьаԥҟьа иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит, ҳәа аанацҳауеит "Мосфильм" асаит.

"Акиноконцерн "Мосфильми" Владимир Меньшов иҭаацәеи гәалсрыла иаарыцҳауеит, иахьа иԥсҭазаара дшалҵыз Владимир Валентин-иԥа. Еицырдыруаз асоветтәи урыстәылатәи акинорежиссиор, актиор, асценарист, апродиусер, "Мосфильм" анапхгара алахәыла, идунеи иԥсахит аҽкчымазара изыннажьыз ахҟьаԥҟьа иахҟьаны 82 шықәса дшырҭагылаз", -аҳәоит аацҳамҭаҿы.

Инаҵшьны иазгәаҭоуп, "Мосфильм" аколлектив гәалсра дуула ишрыдышшыло, арежиссиор иуацәеи иҭынхацәеи, иҩызцәеи.

"Даҳцәыӡит акыр иаҳзаԥсаз аҩыза бзиа, зымч-зылша зегьы зхатәы студиа иахҭнызҵаз, збаҩхатәра ҳаракыз, ииашацәҟьаны жәлар ррежиссиор, здыҟам афильмқәа иаԥиҵаз миллион-ҩыла ауаа ирдыруеит иахәаԥшуеит", - абас аҳәоит адышшыларатә шәҟәы.

Владимир Меньшов - РСФСР Жәлар рартист, СССР аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Н.К.Крупскаиа лыхьӡ зху РСФСР аҳәынҭқарратә премиа алауреат, ианашьан Америкатәи акинокадемиа апремиа "Оскар" ("Иреиӷьу афильм аҳәаанырцәтәи абызшәала" азы), Урыстәыла акинематографистцәа реидгыла алахәыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0