Ельбрус амҵан иаадыртит COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵарҭатә ҭыԥ

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от COVID-19 в Туле
Вакцинация от COVID-19 в Туле - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Ҟабарда-Балкариа акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 25 нызқьҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 24 нызқьҩык.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Ҟабарда Балкариа, 2,3 нызқь метра ашьхаҳаракыраҿы, Ельбрус амҵан иаадыртит COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵарҭатә ҭыԥ. Абри атәы аанацҳауеит RT Интерфакс ажәақәа шьаҭас иганы.

"Ашьхаҳаракыраҿы COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵарҭатә ҭыԥ аартуп Азау-дәы аҟны", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿ.

Ара алаҵа ҟарҵар ҟалоит аҭыԥантәи анхацәа реиԥш аԥсшьаҩцәагьы.

Ԥхынгәы 11 рзы иҟоу адыррақәа рыла Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 18853-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15788-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 265-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0