Москва акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи рҭааразы иалагалаз QR-код аԥыхуп

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота ресторана McDonald's на Пушкинской площади после введения новых ограничений для посетителей
Работа ресторана McDonald's на Пушкинской площади после введения новых ограничений для посетителей - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.07.2021
Анапаҵаҩра
Рашәара 28 инаркны Москва ауаажәларратә крыфара-чара ахыбрақәеи, 500-ҩык инареиҳаны иахьеизоз аныҳәатәи усмҩаԥгатәқәеи ирылахәыз ауааԥсыра ирымазар ахәҭан COVID-19 аҟынтәи алаҵа шыҟарҵахьоу, ма ачымазараҿкы зхызгахьоу, акоронавирус рцәа ишалам шьақәзырӷәӷәо аилыркаа.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik. Москва ԥхынгәы 19 инаркны акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи рҭааразы иалагалаз QR-код аԥыххоит, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Москва ақалақь ахада Сергеи Собианин, Урыстәыла аиҳабыраҟны Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы акоординациатә хеилак аилатәара аҟны.

"Аепидҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи алаҵаҟаҵара алҵшәа бзиақәеи ирыбзоураны акыр зҵазкуа аӡбамҭа ҳадаҳкылеит... Ԥхынгәы 19 инаркны ауаажәларратә крыфара-чара ахыбрақәа рҭааразы иалагалаз QR-код аԥыххоит", - иҳәеит Собианин.

Москва ақалақь аиҳабы иажәақәа рыла, QR-код аԥыхра иаанагаӡом аепидԥҟарақәа рықәныҟәара аҭахым ҳәа, дақәгәыӷуеит ауааԥсыра иҟоу аҭагылазаашьа еилыркаауеит ҳәа.

Собианин иҳәеит, аҵыхәтәантәи амза арбагақәа рыла, акоронавирустә ҿкы аҟынтәи алаҵа ҟарҵахьеит ҩ-миллионҩык ауааԥсыра.

Аиԥш зеиԥшу аӡбамҭа рыдыркылеит Подмосковие аиҳабыра.

Рашәара 28 инаркны Москва ауаажәларратә крыфара-чара ахыбрақәеи, 500-ҩык инареиҳаны иахьеизоз аныҳәатәи усмҩаԥгатәқәеи ирылахәыз ауааԥсыра ирымазар ахәҭан COVID-19 аҟынтәи алаҵа шыҟарҵахьоу, ма ачымазараҿкы зхызгахьоу, акоронавирус рцәа ишалам шьақәзырӷәӷәо аилыркаа. Аҭааҩцәа рыстатус шьақәдырӷәӷәар акәын иҷыдоу QR-код ала. Ари аҩыза аԥкрақәа алагалан Москватәи аобласт аҟынгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0