Урыстәыла 2036 шықәсатәи аԥхынтәи Аолимпиада амҩаԥгаразы азыҳәа азнархиоит

© Sputnik / Владимир Сергеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОлимпиада 2014. Церемония закрытия
Олимпиада 2014. Церемония закрытия - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа Москва имҩаԥган 1980 шықәсазы, 2014 шықәсазы – аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа Шәача имҩаԥысит.
АҞӘА, нанҳәа 13 - Sputnik. Урыстәыла иара аҵакыраҿы 2036 шықәсазы аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рымҩаԥгара иазхәыцуеит. Уажәы еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтәи азыҳәақәа азнархиоит ҳәа иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аолимпиатә хәмаррақәа рҟны аиааира згаз рԥылараан. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Лавров ишиҳәо ала, Аолимпиада адкылара рҽазыҟарҵоит Санкт-Петербурги Казани. Убри аан Ахәмаррақәа рымҩаԥгаразы аӡбара атәыла Аиҳабыра ирыдыркылоит.
Урыстәыла Аолимпиада амҩаԥгаразы иахәҭоу алшарақәа аманы иҟоуп, ақалақьқәа рыбжьара иара алахәхаразы аисара ду ҟалоит ҳәа уаанӡа иҳәахьан Урыстәыла аспорт аминистр Олег Матыцин.
Ажәабжьқәа зегьы
0