Краснодартәи атәылаҿацә аҟны ациклон шыҟац иаанхоит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодтопления в Краснодарском крае из-за обильных осадков
Подтопления в Краснодарском крае из-за обильных осадков - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2021
Анапаҵаҩра
Анапеи Темриуки уахыки-ҽнаки рыла шықәсыктәи ақәа леит, 14 муниципалтә еиҿкаарақәа рҿы аҭагылазаашьа ҷыда аусура алагалоуп ақәаршҩи аӡхыҵрақәеи ирхырҟьаны.
АҞӘА, нанҳәа 16- Sputnik. Ациклон ахымҩаԥгашьа азыԥхьагәарҭоит нанҳәа 16 рҟынӡа, аҭагылазаашьа ахылаԥшра анаҭоит атәылаҿацәтәи оперативтә штаб.
Аштаб адыррақәа рыла 542 хатәыҩны аӡы рыҵоуп, 1520 аҩнқәа рааигәа-сигәатә ҵакыра аӡы ихгылоуп.
Ауааԥсыра ацхыраара роуеит. Аӡы цахьеит 1046-ҩни 998 ҵакыреи рҟынтәи. Арҭ аҭыԥқәа рҟынтәи иахыргеит 1531-ҩык. Урҭ рахьынтәи 991-ҩык хәыҷқәоуп. Аусурақәа шцац ицоит.
Ақалақь Анапа, Темриуктәии Славиантәии араионқәа рҿы аамҭала ауаа ахьрыдыркыло 11 ҭыԥ аартуп. Ара иҟоуп 1104-ҩык (903-ҩык хәыҷқәоуп).
Атәылаҿацә аҿы 15 000-ҩык зкыша аамҭалатәи аангыларҭақәа 76 ҭыԥ аздырхиоит.
Аӡҩеира ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы иаԥҵоуп  1460-ҩыки  490 ак атехникеи рыла ишьақәгылоу ацхырааратә гәыԥқәа.
Нанҳәа 16 рзы ирызԥшуп ақәоура, аԥшаӷьыра, аиҳарак мрагылареи алада-мрагыларатәии ахәҭақәа рҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0