Роспотребнадзор иаҳәеит зцәа зтәым аҳәса рзы COVID-19 ашьҭахьтәи ахҟьаԥҟьақәа

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРождение ребенка в "красной зоне" городской больницы Волгограда
Рождение ребенка в красной зоне городской больницы Волгограда - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2021
Анапаҵаҩра
Аҳақьымцәа иазгәарҭуеит иаҳа- иаҳа ацәырҵра ишалагаз SARS-CoV-2 мгәарҭа иҟоу ахәыҷқәа риеизҳара иашаԥырхагоу зыршаҳаҭуа.
АҞӘА, нанҳәа 29 - Sputnik. Акороначымазара зхызгаз зцәа зтәымыз аԥҳәыс, лхәыҷы диит илақәа агра бааԥс аманы ҳәа, еиҭалҳәеит РИА Новости аҟны Роспотребнадзор ЦНИИ аепидемиологиа аклиника-аналитикатә усурақәа рзы адиректор ихаҭыԥуаҩ Наталиа Пшеничнаиа.
"Амедицина-ҵарауаа ирзеиҭамҳәеит, ари даҽа инфекциак акәу, агенетикатә мзызқәа ирыхҟьоу, мамзаргьы ахәыҷы иан лцәа лтәымкәан даныҟаз анаркотикатә маҭәашьарқәа лыдыкылозу, даҽа чымазарак лымазу", - ҳәа лҳәеит Пшеничнаиа.
Иара убас иазгәалҭеит, ари аҩыза агра бааԥс, аиԥш зеиԥшу шгәарҭахьоу зцәа зтәым аԥҳәыс аџьамҳаԥар лыхьуазар.
Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2021
Гинцбург зцәа зтәым аҳәса акоронавирус аҟынтәи алаҵа шырзыҟаҵатәу атәы иҳәеит
Иазгәаҭоуп, аҳақьымцәа зхылаԥшуаз COVID-19 зыхьуаз зцәа зтәымыз аҳәса, ахшаа дышроуаз раамҭа ааиаанӡа. Замҭа ааиаанӡа ииз ахәыҷқәа, изыхҟьазаалакгьы, аҿкчымазара иадҳәаламзаргьы реизҳара хьысҳауп, уи акороначымазара иахҟьоит ҳәа аҳәарагьы уадаҩуп", - ҳәа лҳәеит Пшеничнаиа.
Аҟаза иазгәалҭеит зцәа зтәым аԥҳәыс ачымазара ихьанҭаны илхылгозар, мгәарҭа иҟоу ахәыҷгьы аҵәыҵәри изхаӡом, уи хымԥада иеизҳра иаԥырхагоуп.
Дарбанзаалак заԥхьаҟа анра згәы иҭоу, акоронавирус азы алаҵа ҟаиҵар еиҳа еиӷьуп лҳәеит Пшеничнаиа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
  • "Спутник V" уажәшьҭарнахыс зцәа зтәым ирзыҟарҵалоит
Ажәабжьқәа зегьы
0