Санкт-Петербург аус адыруылеит COVID-19 аҟынтәи афбатәи алаҵа

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗапуск производства вакцины "ЭпиВакКорона" для профилактики COVID-19 в Подмосковье
Запуск производства вакцины ЭпиВакКорона для профилактики COVID-19 в Подмосковье - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.08.2021
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы урыстәылаа алшара рымоуп акоронавирустә инфекциа аҟынтәи алаҵақәа ԥшьба рхархәара, аиҭалаҵаҟаҵаразы ахархәара аҭоуп "Спутник Лайт".
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Санкт-Петербург Смородинцев ихьӡ зху Аҭҵаарадырратә институт аҟны ашықәс нҵәаанӡа иазыԥхьагәаҭоуп COVID-19 аҟынтәи алаҵа аклиникатә ҭҵаара амҩаԥгара, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аусбарҭа адиректор Дмитри Лиознов иажәақәа шьаҭас иааганы.
"Уажәазы аклиникаԥхьатә ҭҵаарақәа хыркәшоуп, аклиникатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгара азин аиуразы ашәҟәқәа раҳҭоит. Алаҵа акоронавирстә инфекциа еиԥш аимҳәа А аҟынтәгьы ихәарҭахароуп. Ишазгәаҭоу еиԥш аусқәа цар ашықәс ҿыцынӡа аклиникатә ҭҵаарақәа ҳрылагоит", - ҳәа реиҳәеит Лиознов ажурналистцәа.
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалахьеит алаҵақәа хәба: "Спутник V" Гамалеи ихьӡ зху Ацентри РФПИ-и еицыҟарҵеит. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭаҩуп. Жьҭаарамзазы ашәҟәы иҭаргалеит даҽа лаҵакгьы - "ЭпиВакКорона", уи новосибирсктәи ацентр "Вектор" иаԥнаҵеит.
Иара убасгьы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иҭанаҩит COVID-19 хызҽуа ахԥатәи алаҵа "КовиВак". "КовиВак" аԥҵоуп Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху Аиммунологиатә препаратқәа рыҭҵаареи аус рыдулареи рфедералтә ҭҵаарадырратә центр аҟны, иара убас иҭыжьуп алаҵа "Спутник V" актәи ахәҭа "Спутник Лайт".
"Спутник Лайт" ала Аԥсны алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит нанҳәа 10 аахыс. Иахьазы алаҵа ҟарҵахьеит 1800-ҩык. Ииасыз амчыбжь азы ашәҟәы иҭагалоуп аҽа лаҵак "ЭпиВакКорона-Н".
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
 
 
Ажәабжьқәа зегьы
0