Аналитикцәа еилыркаауан Instagram аҿы аӡыргара шаҟа иаԥсоу

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПриложение для обмена фотографиями и видеозаписями с элементами социальной сети Instagram в телефоне.
Приложение для обмена фотографиями и видеозаписями с элементами социальной сети Instagram в телефоне. - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәса ԥхынгәымзатәи есыҽнтәи Instagram аудиториа Mediascope адыррақәа рыла 28,6 миллионҩык иреиҳан.
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Аилахәыра Yoloco, асоциалтә ҳақәа рҿы аккаунтқәа ранализ ҟазҵо, иԥсабаратәым аинтеллект ала Instagram урыстәылатәи асигмент аҿы аӡыргара абжьаратә ахәԥса шьақәнаргылеит. Абри атәы аанацҳауеит РБК.
Yoloco аналитикцәа 3,5 нызқьҩык аблогерцәа ҭырҵааит. Аменеџьерцәеи аблогертә маҵзурақәеи  иразҵааит, Telegram-каналқәа рҿы иаартыз адыррақәа рыԥшааит.
Аблогерцәа еихшан ф-гәыԥкны заҟаҩ анапаҵаҩцәа рымоу иадҳәаланы:
  • нано (10-50 000-ҩык анапаҵаҩцәа),
  • микро (50-100 000-ҩык),
  • мини (100-500 000-ҩык),
  • абжьаратәқәа (500 нызқьҩык - миллионҩык),
  • адуқәа (1-2 миллион-ҩык),
  • атоп-блогерцәа (2 миллион-ҩык инреиҳаны).
Убас, аналитикцәа ишырҳәо ала аблогерцәа-ахацәа бжьаратәла аҳәса раасҭа аԥара дырҳауеит.
Еиҳаны аԥара роуеит актерцәа, апродиусерцәа, ашоуменцәа. Ҩ-миллионҩык иреиҳаны анапаҵаҩцәа змоу аблогерцәа  рӡыргарак 200 000 мааҭ иаԥсоуп.
Акатегориа "Личный блог про жизнь" аҟны ахәԥса  173 нызқь мааҭ аҟынтә ихалоит, акатегориа "Семья и дети" аҿы - 162 нызқьмааҭ аҟынтә.
Еиҳа имаҷны ироуеит амаҭәеи амодеи ртемала аккаунт змоу - 87 нызқь мааҭ.
Ажәабжьқәа зегьы
0