Ермантәыла Урыстәылатәи атуристцәа атәыла ралалара аԥҟарақәа аԥсахит

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Ереван. Архивное фото
Города мира. Ереван. Архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2021
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Урыстәыла атәылауаа асертификатқәеи аршаҳаҭгақәеи икьыԥхьу ма релектронтә версиа рымазар азхон.
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Ермантәыла урыстәылатәии егьырҭ атәылақәа рҟынтәии атуристцәа атәыла ралалара аԥҟарақәа аԥсахит ҳәа аҩуеит Урыстәыла Атуристцәа рассоциациа акьыԥхьымҭа.
Цәыббра 8 раахыс Урыстәылантәи Ермантәыла иалало атуристцәа алаҵа шрымоу азы асертификатқәеи ПЦР-тестқәа рҭакқәеи рымазароуп амобилтә цҵа "Путешествую без COVID-19" аҟны.
Возобновление авиасообщения между Россией и Турцией - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2021
Ҭырқәтәыла иалало 12 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рҟынтәи ПЦР-тестқәа рҭаххаӡом
Ермантәыла аиҳабыра рықәҵарала, ПЦР-тест аҭак азы аршаҳаҭга  аерман, аурыс, англыз бызшәала ихарҭәаазароуп аофициалтә бланк аҿы, изтәу ихьӡ, иабхьыӡ, ижәла, даниз ашықәс, итәылауаҩшәҟәы аномер, атест  аҭак арбазароуп. ПЦР-тестқәа атәыла алалара 72 сааҭ шагу иҟаҵатәуп.
Алаҵа асертификат ианыԥшуазароуп алаҵа ҭзыжьыз аилахәыра ахьӡ, аалыҵ асериатә номер, актәии аҩбатәии адозақәа аныҟаҵоу арыцхә, алаҵа змоу дгәазҭоз ихьӡи ижәлеи, ахаҿы ихаҭара шьақәзырӷәӷәо аномер, аҳәынҭқарратә ԥгаԥсарҭа аномер ҷыда, ма иаку аидентификациатә сертификат аномер.
Алаҵа "Спутник Лайт" змоу тестда ирыдыркылоит алаҵа атәыла иалалаанӡа 28 мшы раԥхьа иҟаҵазар, "Спутник V", "ЭпиВакКорона", "КовиВак"  - аҩбатәи адоза ҟарҵеижьҭеи 14 мшы ҵуазароуп.
Быжьшықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы аршаҳаҭгақәеи атестқәеи аҭахны иҟам.
Атест аҭак ма асертификат змамкәа Ермантәыла иалало атуристцәа ПЦР-тест аҳаиртә баӷәазаҿ ма егьырҭ  аҳәааҿтәи аушьҭырҭақәа рҿы аԥара ахшәааны иҟарҵароуп, атест аҭак ҟалаанӡагьы ахыԥхьакырҭахь инеироуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0