Аексперт аштамм "мю" аҽеиҭакра ахәшьара алҭеит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГоспиталь COVID-19 в Центре мозга и нейротехнологий ФМБА России
Госпиталь COVID-19 в Центре мозга и нейротехнологий ФМБА России - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциа авариант "мю" раԥхьаӡа акәны ашәҟәы иҭагалан ажьырныҳәамзазы Колумбиа. Иара иахьазы иазгәаҭоуп 50 тәыла рҿы SARS-CoV2 ахкы ҳәа.
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа авариант "мю" аштамм "дельта" иазаԥнагом ҳәа лҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз  Џьорџь Меисон иуниверситет (ЕАА, Виргиниа) асистематә биологиа апрофессор, абиологиатә аҭҵаарадыррақәа  рдоктор, РАН амедико-генетикатә Центр агеномика алабараториа аусзуҩ  хада Анча Баранова.
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара иазгәанаҭоит аштамм "мю"  аиммунттә ҭак аҽацәхьакра иадҳәалоу аҟазшьақәа амоуп ҳәа.
Авирус ари авариант ыҟазар ҟалоит "дельта" ахьыҟам ма иахьмаҷу ҳәа лҳәоит Баранова.
"Уаанӡа уаҩ дахьычмазаҩымхацыз анклавқәа ахьыҟоу инеир алшоит  авариант "мю". Иаҳҳәап  Москва "мю" аԥыжәара змоу  штаммны изыҟалом, избанзар ара "дельта" ыҟоуп", - лҳәеит аексперт.
Алаҵәара аамҭала аҵарауаа  "дельта"  "мю"  иаҿдырԥшӡом, избанзар авирусқәа ҩба аамҭак ала изеицлабуам ҳәа лҳәоит аҵарауаҩ.
Ажәабжьқәа зегьы
0