Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа

© Sputnik Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа. Архивтә фото
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаиуит адырра – Варшава ақалақь аҟны имҩаԥысран иҟоу ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ОБСЕ адунеижәларбжьаратә форум аҽалархәразы ицараны иҟаз аԥсуа жәлар рхаҭарнакцәа авизазы мап рцәыркит.

АҞӘА, жьҭ 9 — Спутник Аԥсны. Уаанӡа аԥсуа журналистцәа Чехиа ацаразы азин рымырххьан. Урыстәыла иҟоу Польшатәи Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша асеиԥш аӡбра дискриминациатәуп ҳәа азырҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны. Иара убри аан авизақәа Қарҭ ироурц рабжьыргеит аԥсуа делегациа алахәылацәа.

Ари аҩыза афакт иаартны иунарбоит Қырҭтәылеи иара адгылаҩцәеи Аԥсны аҭахкаареи иҟоу аинформациа ырԥаршеины адунеи ауаажәларра рызнагареи рҿы рылшарақәа шеибырҭо. Дара ирҭахуп аԥсуа уаажәларреи атәыла анапхгареи Аԥсны ахьыԥшымреи асуверинитети рызҵаарақәа рҟны ргәаанагарақәа еиқәшәом ҳәа адунеи иадырдырырц. Убри азы ирылшо зегь ҟарҵеит ОБСЕ атрибуна аҟынтәи ауаажәларра рхаҭарнакцәа ықәгыланы ргәаанагара рымҳәарц азы.

Арии егьырҭ аҿырԥштәқәеи шаҳаҭра руеит Қырҭтәыла иахьагьы «аиҩызареи аинышәареи» алозунг рԥыракны аибашьра ишаҿу иалшо егьырҭ ахархәагақәа рыла. Аха Аԥсны Қырҭтәыла ООН еиԥш иҟоу атрибунақәа рҟынтәи ирыланаҳәо ажәа ҭлапҟақәа рыгәрагара иаҟәыҵхьеит. Уи иаҭакны Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи реизырҳара амҩа иқәуп. Иаарласны анапы зҵаҩхо Аиҩызареи, аусеицуреи аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра ҿыц урҭ зегь аныԥшраны иҟоуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра еиҭахгьы Аԥсны атәылауаа рганахьала адискриминациатә усқәа рымҩаԥгара инадҳәаланы азҵаара ықәнаргылараны иҟоуп изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа раунд амҩаԥысраан. «Ҳара иалҳаршом дарбанызаалак аӡәгьы Аԥсны атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи ирыӷрагыларц» ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0