АҞӘА, 29 жьҭ — Спутник Аԥсны. Черкесаа ркультура иазку Израильтәи аетнографиатә музеи аҟны еизгоуп ачеркессцәа рҭоурых еиҭазҳәо амаҭәарқәа рацәаны. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ижәытәӡоу "Шьыҷаԥшьына". Уи ашьҭахь иану аҩыра излаҳәо ала, шәышықәса инеиҳаны иахыҵуеит. Рамзан Гучетль зехьӡыз аҟаза иҟаҵамҭоуп, иара ихаҭагьы уи аҿы дыхәмаруан. "Шьыҷаԥшьына" аҽы аҵыхә зыҿдоу милаҭтә инструментуп, быжьгашьалагьы даҽакы иаламҩашьо, ахатә быжь ҷыда ахылҵуеит.
"Шьыҷаԥшьына" шәышықәса раԥхьа Адыгеиантәи Израиль инанагеит, Кваракама амузеи аҿы иҟоу ари амузыкатә хархәага Рамазан Гучетль аҵыхәтәантәи иусумҭоуп. Уи уахь ишнанагаз аҭоурых иахьазы еилкаам.