Акинофестиваль "Кунаки" аԥшьбатәи амш мҩаԥысит

© Фото : Томас ТхайцукАфестиваля "Кунаки" аброшиура.
Афестиваля Кунаки аброшиура. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акинофестиваль "Кунаки" аԥшьбатәи амш азы иддырбеит даҽа хә-фильмк.

АҞӘА, абҵ 6 – Спутник Аԥсны. Акинофестиваль "Кунаки"  апрограмма ацҵоуп анаҩстәи хә-фильмк дырбарала. Урҭ иреиуоуп: "Адәқәа рҿы иҟьалаз" арежиссиор Екатерина Головниа, "Лермонтов итеатр" – Регина Джакаева, "Аԥхыӡқәа егьи аҟәараҟынтә" – Анатоли Добриаков, "Моздок. Аҭоурых амҩеихда" – Иури Пронин, "Сталин имҩаду" – Геннади Шеверов.

Акинорежиссиор Екатерина Головниа раԥхьаӡакәны акинофестиваль "Кунаки" далахәуп. Уи лдокументалтә фильм "Абнараҿ иҟьалаз" памиртәи атаџьыкцәа рҭоурых еиҭанаҳәоит. Урҭ Таџьыкьистан амилаҭтә еибашьра анцоз аамҭазы рыԥсадгьыл нрыжьыр акәхеит. Раԥхьа Афганистан инанагеит, нас – даҽаџьара, аха аҵыхәтәаны Урыстәыла нхарҭас ишьҭырхит, адгьылқәаарыхреи арахәааӡареи рнапы аларкит.

"Сара сфильм азкуп ауаҩы идгьыл дацәыхараны, иқьабзқәеи иҵасқәеи, идунеихәаԥшреи реиқәырхара шилшо", – лҳәеит Головниа.

Имҩаԥган иара убас иконкурстәым апрограммала Ольга Дубинскаиа лфильм "Страсти по Владиславу" арбара. Адокументалтә фильм иеиҭанаҳәоит Аԥсны аҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба ифырхаҵаратә ԥсҭазаара аҭоурых.

Анаҩс, имҩаԥысит акинофестиваль аиҿкааҩцәа ируаӡәку, апоет Геннади Аламиа ишәҟәы "Алашара згәылсыз" апрезентациа. Уи лызкуп Владислав Арӡынба изкны афильм ҭызхыз, абаҩхатәра змаз ажурналист Ольга Дубинскаиа.

 

Акинофестиваль аконкурсантцәа рхы аладырхәит "Урыстәыла адунеи" захьӡу апроект. Уи азкуп Михаил Лермонтов диижьҭеи 200 шықәса аҵра. Адискуссиа аҟны иазгәаҭан Лермонтов Кавказ акультура аӡыргаразы иҟаиҵаз алагала.

"Урыстәыла апоетцәа рҟынтә Михаил Лермонтов Кавказ акультура аарԥшра шилшаз еиԥш уаҩы илымшеит", – азгәалҭеит адискуссиа мҩаԥызгоз Сулиета Кусова-Чухо. Уи лгәаанагарала Лермонтов иусумҭақәа "Аул Бастунджи", "Измаил-Беи" реиԥш иҟоу аекрнизациа рҭахуп.

 Акинофестиваль "Кунаки" Урыстәылеи ааигәа иҟоу атәылақәеи арежиссиорцәеи атележурналистцәеи еидызкыло рҿиаратә форумуп.

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0