АҞӘА, абҵ 6 – Спутник Аԥсны. Аԥсны аҳәынҭқарратә капелла раԥхьаӡакәны иалахәуп Санкт-Петербург имҩаԥысуа Урыстәылазегьтәи ашәаҳәаратә фестиваль "Неватәи ахортә ассамблеиа".
Иахьа Иԥшьоу Петри Павели рныхабааҿы имҩаԥысит раԥхьатәи акопеллатә қәгыларақәа. Иара убас, абҵара быжьба рзы иазгәаҭоуп Санкт-Петербургтәи Аҳәынҭқарратә капеллаҿы аконцерт амҩаԥгара.
Афестиваль аркра иақәыршәаны Аԥснытәи ахор Исаакитәи аныхабааҿы ашәа рҳәоит. Аԥснытәи ахор ари амузыкатә форум мҩаԥысуеит акультуратә сезон "Урыстәыла – Аԥсны" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә капелла еиҿкаан 1969 шықәсазы акомпозитор, ауаажәларратә усзуаҩы Алексеи Чичба ицхыраарала.
30 шықәса иҭагӡаны Урыстәылазегьтәи афестиваль "Неватәи ахортә ассамблеиа" Санкт-Петербург еизнагоит ипрофессионалтәуи ибзиабаратәуи аколлективқәа.
Сынтәа уи амҩаԥгара азкуп аурыс композитор Владимир Гаврилин диижьҭеи 75 шықәса аҵра.