АҞӘА, абҵ 7 — Спутник Аԥсны. Акинофестиваль "Кунаки" аконкурстә программа иалахәу Александр Куприн иусумҭа "Пантелеимон ахәшәтәҩы" Аԥсны иҭыхын.
Куприн иконкурстә усумҭа изкуп ауаа еиуеиԥшым ачымазарақәа рҟынтә изхәшәтәуаз Иԥшьоу Пантелеимон. Уи уаҩ деилымхкәа зегь ихәшәтәуан, ибеиоу, иӷару, иажәу, иҿару.
"Аҭыхратә процесс мҩаԥысуанаҵ ауахәама иԥшьоу адоуҳа сныруан, иагьснаҭон аҩнуҵҟатәи аҭынчра" – иҳәеит Куприн.
Куприн еиҭеиҳәеит Афонтәи ауахәама аҭоурых, аҭыхратә гәыԥ акыр ишырнырыз. Аԥсуа-ақырҭуа еибашьра аан ауахәама агоспиталь алырхит, ӷәӷәала ихәыз аибашьцәа ауахәамахь ианнаргалак, уи иамоу адоуҳатә мчы рыхәон, иахәшәтәуан.
Афильм ҭыхын ателехәаԥшратә цикл "Аԥшьацәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аҭыхрақәа мҩаԥысуан Афонтәии Аҟәатәии ауахәамақәа рҿы.