АҞӘА, абҵ 13 – Sputnik. Ҩажәеижәаба инареиҳаны ԥсаҵла еиҭаҳан Аҟәа Диоскураа рыԥшаҳәаҿы, Аразра амш аҽны. Араҟа ааигәа иҟаз аԥша ӷәӷәа аҵлақәа ааха рнаҭеит.
Аҟәа аԥшаҳәа ариаҵәара акциа ихы алаирхәит ақалақь аиҳабы иусқәа назыгӡо Адгур Ҳаразиа.
© Sputnik / Тхайцук ТомасАДГУР ҲАРАЗИА АҚАЛАҚЬ АРИАҴӘАРА АКЦИАҾЫ.
АДГУР ҲАРАЗИА АҚАЛАҚЬ АРИАҴӘАРА АКЦИАҾЫ.
© Sputnik / Тхайцук Томас
"Ари акциа акыр хәарҭара злоу аԥшьгароуп. Аиҳарак угәы иахәартә иҟоуп ашколхәыҷқәа ари аусмҩаԥгатә иахьалахәу. Сыхәҭаахь ала исҳәар сылшоит, Аҟәа Ахадара еснагь адгылара шаанарԥшло ас еиԥш иҟоу апроектқәа", — иҳәеит Адгур Ҳаразиа.
Ари аԥшьгара азҿлымҳара аарԥшны рхы аладырхәит ауаажәлар, ашколхәыҷқәа.